АҞӘА, абҵара 17 - Sputnik. Абҵарамза 16 рзы иҟоу адыррақәа рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 523-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 121-ы рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы аҵыхәтәантәи ҩымш рыла рыԥсҭазаара иалҵит ҩыџьа ачымазцәа: 88, 68 шықәса зхыҵуаз аҳәса. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы рыԥсҭазаара иалҵит 1957 шықәса рзы ииз ахаҵеи, 1948 шықәса рзы ииз аԥхәыси.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 60-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 19-ҩык, ибжьаратәуп - 41-ы. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 39-ҩык, урҭ рахьтә 12-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 22-а, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 24-ҩык, урҭ рахьтә хәҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы быжьҩык ачымазцәа шьҭоуп. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 93-ҩык, 12-ҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.