https://sputnik-abkhazia.info/20211117/asny-auaasyra-daa-121-y-akchymazara-rydbaloup-shyk-rysazaara-ialit-1036359185.html
Аԥсны ауааԥсыра даҽа 121-ы аҿкчымазара рыдбалоуп, ԥшьҩык рыԥсҭазаара иалҵит
Аԥсны ауааԥсыра даҽа 121-ы аҿкчымазара рыдбалоуп, ԥшьҩык рыԥсҭазаара иалҵит
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ачымазараҿкы зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рзеиԥш хыԥхьаӡара 33464 -ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәабзиара шьақәгылахьеит 27809 -ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара... 17.11.2021, Sputnik Аҧсны
2021-11-17T11:07+0300
2021-11-17T11:07+0300
2021-11-18T15:08+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/02/0f/1031842929_0:319:3072:2047_1920x0_80_0_0_c72ce039cad9f4f2059e9026a0399eef.jpg
АҞӘА, абҵара 17 - Sputnik. Абҵарамза 16 рзы иҟоу адыррақәа рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 523-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 121-ы рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы аҵыхәтәантәи ҩымш рыла рыԥсҭазаара иалҵит ҩыџьа ачымазцәа: 88, 68 шықәса зхыҵуаз аҳәса. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы рыԥсҭазаара иалҵит 1957 шықәса рзы ииз ахаҵеи, 1948 шықәса рзы ииз аԥхәыси. Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 60-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 19-ҩык, ибжьаратәуп - 41-ы. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 39-ҩык, урҭ рахьтә 12-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 22-а, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 24-ҩык, урҭ рахьтә хәҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы быжьҩык ачымазцәа шьҭоуп. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 93-ҩык, 12-ҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/02/0f/1031842929_341:0:3072:2048_1920x0_80_0_0_ce81d9ed5db9e86dbd3e017e4019c35a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
ажәабжьқәа, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
Аԥсны ауааԥсыра даҽа 121-ы аҿкчымазара рыдбалоуп, ԥшьҩык рыԥсҭазаара иалҵит
11:07 17.11.2021 (ирҿыцуп: 15:08 18.11.2021) Аԥсны ачымазараҿкы зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рзеиԥш хыԥхьаӡара 33464 -ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәабзиара шьақәгылахьеит 27809 -ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 492-ҩык.
АҞӘА, абҵара 17 - Sputnik. Абҵарамза 16 рзы иҟоу адыррақәа рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 523-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 121-ы рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы аҵыхәтәантәи ҩымш рыла рыԥсҭазаара иалҵит ҩыџьа ачымазцәа: 88, 68 шықәса зхыҵуаз аҳәса. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы рыԥсҭазаара иалҵит 1957 шықәса рзы ииз ахаҵеи, 1948 шықәса рзы ииз аԥхәыси.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 60-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 19-ҩык, ибжьаратәуп - 41-ы. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 39-ҩык, урҭ рахьтә 12-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 22-а, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 24-ҩык, урҭ рахьтә хәҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы быжьҩык ачымазцәа шьҭоуп. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 93-ҩык, 12-ҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.