АҞӘА, абҵара 17 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Жәлар рпатриоттә еидгыла иеиднакылоит аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи жәба. Адекларациа анапаҵаҩра ацеремониа мҩаԥысит абҵара 17 рзы.
Аиҿкаара ҿыц адекларациа атекст даԥхьеит 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" анапхгаҩы Ҭемыр Гәлиа.
"Аидгыла ахықәкқәеи аусқәеи ҳәаақәҵоуп Аԥсны аполитикатә, аекономикатә, адемографиатә суверенитет ахьчара, ҳаамҭа иақәшәо, асоциалтә хьчара змоу аилазаара ашьақәыргылара рҭахрала, атәыла анапхгарахь аҭакзыԥхықәу, адырра змоу аполитикцәа раагарала", - ҳәа аҳәоит адокумент аҿы.
Уи адагьы, атекст аҿы иазгәаҭоуп иахьатәи амчра агәабзиарахьчара, аенергетика русхк, анхарҭа аҭира уҳәа рҟны иҭакԥхықәрадоу аполитика мҩаԥыргоит, ауаагьы аполитикатә мотивқәа рыла ашьҭазаара рзыруеит ҳәа.
"Ҳаԥсабара, ҳадгьыл, ҳинфраструктуратә активқәа хьчазароуп, Аԥсны ауааԥсыра иртәызароуп. Аҳәамҭа ҟаҳҵоит аидеологиа, аполитика, аекономика рганахьала иҵаҵӷәыдоу, ажәлар ирҿагыло апроектқәа ҳашрыдымгыло, ҳшырҿагыло азы", - аҳәоит адекларациа атекст.
Аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа адокумент рнапы аҵарҩит.