https://sputnik-abkhazia.info/20211117/asny-zhlar-rpatriott-eidgyla-aoup-1036371423.html
Аԥсны Жәлар рпатриоттә еидгыла аԥҵоуп
Аԥсны Жәлар рпатриоттә еидгыла аԥҵоуп
Sputnik Аҧсны
Аиҿкаара ҿыц аԥҵара хықәкыс иамоуп Аԥсны аполитикатә, аекономикатә, адемографиатә суверенитет ахьчара, ҳаамҭа иақәшәо, асоциалтә хьчара змоу аилазаара... 17.11.2021, Sputnik Аҧсны
2021-11-17T17:00+0300
2021-11-17T17:00+0300
2021-11-17T17:00+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0b/11/1036370946_0:161:3067:1886_1920x0_80_0_0_06929dde1d2f7d72b7925d4833305dd6.jpg
АҞӘА, абҵара 17 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Жәлар рпатриоттә еидгыла иеиднакылоит аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи жәба. Адекларациа анапаҵаҩра ацеремониа мҩаԥысит абҵара 17 рзы.Аиҿкаара ҿыц адекларациа атекст даԥхьеит 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" анапхгаҩы Ҭемыр Гәлиа."Аидгыла ахықәкқәеи аусқәеи ҳәаақәҵоуп Аԥсны аполитикатә, аекономикатә, адемографиатә суверенитет ахьчара, ҳаамҭа иақәшәо, асоциалтә хьчара змоу аилазаара ашьақәыргылара рҭахрала, атәыла анапхгарахь аҭакзыԥхықәу, адырра змоу аполитикцәа раагарала", - ҳәа аҳәоит адокумент аҿы.Уи адагьы, атекст аҿы иазгәаҭоуп иахьатәи амчра агәабзиарахьчара, аенергетика русхк, анхарҭа аҭира уҳәа рҟны иҭакԥхықәрадоу аполитика мҩаԥыргоит, ауаагьы аполитикатә мотивқәа рыла ашьҭазаара рзыруеит ҳәа.Аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа адокумент рнапы аҵарҩит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0b/11/1036370946_169:0:2898:2047_1920x0_80_0_0_f16e387d59c87f97a7608524a4f7a293.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аԥсны Жәлар рпатриоттә еидгыла аԥҵоуп
Аиҿкаара ҿыц аԥҵара хықәкыс иамоуп Аԥсны аполитикатә, аекономикатә, адемографиатә суверенитет ахьчара, ҳаамҭа иақәшәо, асоциалтә хьчара змоу аилазаара ашьақәыргылара ҳәа рҳәеит иара аиҿкааҩцәа.
АҞӘА, абҵара 17 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Жәлар рпатриоттә еидгыла иеиднакылоит аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи жәба. Адекларациа анапаҵаҩра ацеремониа мҩаԥысит абҵара 17 рзы.
Аиҿкаара ҿыц адекларациа атекст даԥхьеит 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" анапхгаҩы Ҭемыр Гәлиа.
"Аидгыла ахықәкқәеи аусқәеи ҳәаақәҵоуп Аԥсны аполитикатә, аекономикатә, адемографиатә суверенитет ахьчара, ҳаамҭа иақәшәо, асоциалтә хьчара змоу аилазаара ашьақәыргылара рҭахрала, атәыла анапхгарахь аҭакзыԥхықәу, адырра змоу аполитикцәа раагарала", - ҳәа аҳәоит адокумент аҿы.
Уи адагьы, атекст аҿы иазгәаҭоуп иахьатәи амчра агәабзиарахьчара, аенергетика русхк, анхарҭа аҭира уҳәа рҟны иҭакԥхықәрадоу аполитика мҩаԥыргоит, ауаагьы аполитикатә мотивқәа рыла ашьҭазаара рзыруеит ҳәа.
"Ҳаԥсабара, ҳадгьыл, ҳинфраструктуратә активқәа хьчазароуп, Аԥсны ауааԥсыра иртәызароуп. Аҳәамҭа ҟаҳҵоит аидеологиа, аполитика, аекономика рганахьала иҵаҵӷәыдоу, ажәлар ирҿагыло апроектқәа ҳашрыдымгыло, ҳшырҿагыло азы", - аҳәоит адекларациа атекст.
Аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа адокумент рнапы аҵарҩит.