Аԥсны

Ҳаԥсуа драматургиа аҿы зырцәажәо: ашәҟәыҩҩы Анзор Мықәба 75 шықәса ихыҵит

Абҵарамза 17 рзы 75 шықәса ихыҵра азгәеиҭоит ашәҟәыҩҩы, адраматург, аҭоурыхдырҩы, актиор, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы, Аԥсны зҽаҧсазтәыз артист, "Ахьӡ-Аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу, Аԥсни Урыстәылеи рышәҟәыҩҩцәа реидгылақәа рлахәыла Анзор Мықәба.
Sputnik
Апроект "Алашара ҳзырбо ауаа" иацҵо, апоет, ашәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа диҿцәажәеит адраматург Анзор Мықәба.
- Анзор Кәакә-иԥа, ашәҟәыҩҩы иԥсҭазаараҿы иҟоуп ҩымҭак ихьӡ анҭнаго, нас наҟ-наҟ абиԥарацыԥхьаӡа ҿыцбарах иаԥхьо рҿанынархо!..Уара урҿиамҭақәа рҿы убас акрыҟоума иалукаауа, насгьы иаишьахеи уи?!
- Сара, раԥхьа иргыланы, адраматургиа амаҵ азызуа шәҟәыҩҩуп. Адраматургиатә аԥҵамҭа аԥхьаразы аасҭа асценаҟны ақәыргылара иазкуп. Акыршықәса раԥхьа атеатртә ԥсҭазаара збаз сҩымҭақәа ҿыц рзыхынҳәра шалшахо агәра згоит. Избанзар, урҭ рсахьаркыратә ҩаӡара ахьылаҟәым анаҩсгьы, ишьҭыху атемақәа, аидеиақәа, ҳара ҳаиԥш иҟоу амилаҭ маҷ ҳаԥсҭазаараҿы еснагь иҳацзаауеит. Драматургк иаҳасабала сазхаҵара ҟалеит, ҳәарада, 1975 ш. Аԥсуа театр асценаҟны сҭоурыхтә драма "Амра атыҩ ианаку" анықәдыргылаз инаркны. Уи анаҩс иҟалеит аспектакльқәа "Ашәқәа зегьы анаарту" (аԥхьарбара - 1978 ш.)… Акыр жәашықәса рышьҭахь – аспектакль "Қьалашьбеи". Уи ашьҭахь – "Гәымсҭатәи абаллада". Сҩымҭақәа рахьынтәи шамахамзар зегьы ҳауаажәлар рҭоурыхтә хҭысқәа ирызкуп. Аҭоурыхтә ҩымҭа аԥҵаразы зны инарҵауланы иҭҵаатәуп уи ахҭыс анымҩаԥысуаз аамҭа. Насгьы аҭоурыхтә ҩымҭа, аҭоурыхтә ҵабырг шьаҭас инарҭбааны иамазароуп. Адрама "Қьалашьбеи" аҩра шықәсыбжак ала исылсыршазар, аҩымҭаҟны иарбоу ахҭысқәа анымҩаԥысуаз аамҭа инарҵауланы аҭҵааразы акыршықәса аҭаххеит.
1 / 6
Анзор Мықәба
2 / 6
Анзор Мықәба
3 / 6
Анзор Мықәба
4 / 6
Анзор Мықәба
5 / 6
Анзор Мықәба
6 / 6
Анзор Мықәба
- Иахьа ҳлитератураҿы ажанрқәа зегь раҵкыс ишьҭаханы иҟоуп адраматургиа. Ус иналаршә-ааларшәны ак зыҩуа ашәҟәыҩҩцәа алаҳамҵозар, уара уда уи ажанр аӡәгьы инапы алакӡам... Уара ушԥахәаԥшуеи, ҳадраматургиаҿы иҟаӡами ашәарҭара?!
- Ишьҭаханы иҟоуп – ашьҭыхра мариам азы. "Иналаршә-ааларшәны ак зыҩуа" ахьанҭара аҵалара иацәымаашьозҭгьы, ҳәарада, ашьҭыхра рылшарын. Сара снапы ахьалаку машәыршәа иҟалаз акы акәӡам, атеатртә занааҭ сымоуп, уи акырӡа исыцхраауеит. Ҳәарада, ҳадраматургиа аԥеиԥш азы ашәарҭара ыҟоуп, иҟоуижьҭеи акрааҵуеит. Идыруп, адраматургиа – алитературатә жанрқәа зегьы раасҭа иуадаҩу жанруп. Ара, иаҭаху аҟазаратә ҷыдарақәа рацәоуп. Убри азы акәхап, иара адунеитә литература аҟынгьы, егьырҭ ажанрқәа раасҭа, адраматургиа иаҳа ахьысҳара заныԥшуа. Ашәҟәыҩҩы бзиа ароман бзиа аҩра илшоит, аха адраматә ҩымҭа бзиа аҩра илымшар ауеит… Амилаҭтә театр арепертуар уи зтәу ажәлар рыԥсҭазаара ржәытә-рҿатә аазырԥшуа аҩымҭақәа рыла ишьақәгылазароуп. Ҳара уи аҟны макьана аԥсыҽра ҳнубаалоит. Иҟаҵатәузеи уи арҽеиразы? Драматург дук дҳазгылаанӡа ҳәа аԥшра лыҵшәадахоит. Ҳара иҳамоуп абаҩхатәра змоу апрозаикцәа, апоетцәа. Убарҭ ҳтеатрқәа ирыдԥхьалатәуп, урҭ рырҿиаратә хадареи дареи аимадара бзиа рыбжьаҵатәуп, атеатртә ҟазацәа ргәеисреи ашәҟәыҩҩцәа ргәеисреи еиқәшәартә еиԥш аҟаҵара аҭахуп. Убас еиԥш ианҳзыҟаҵа, агәра згоит алҵшәагьы шыҟало. Уи инацҵангьы, абаҩхатәра злоу аҿар алԥшааны, иреиҳау аҵараиурҭахь ишьҭтәуп. Иаҳҳәап, Москва Алитературатә институт ахь.
- Сара исгәалашәом даҽа ҩымҭак аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы "Қьалашьбеи" аҟара атеатр аҿы ахәаԥшҩцәа еизызгахьоу, иргәаԥхахьоу!.. Уара утәала, иамои маӡас, ҳаԥсуа хәаԥшҩы абриаҟара атеатр даднаԥхьалартә?!
- Аспектакль "Қьалашьбеи", иҵабыргны, ақәҿиара ду аман. Аԥсны акультуратә ԥсҭазаараҟны ихҭыс дуны иҟалеит. Аха уи ақәҿиара маӡа дук аҵаӡам. Аспектакль ақәыргылаҩ (Аԥсны жәлар рартист Шь. Гыцба), аҩымҭа иагәылоу ахаҿсахьақәа раԥҵаҩцәа – актиорцәа ирылдыршеит, аҩымҭа аидеиа хадақәа ахәаԥшыҩцәа ҟазарыла рызнагара, ҩбагьы, ҳара иҳамоуп: атеатртә ҟазара иазҿлымҳау, абзиа рбар игәнызкыло, змилаҭтә культура пату ақәызҵо, аҭоурыхтә хҭысқәеи изҵагылоу аамҭеи еиҿырԥшны ԥхьаҟатәи рыԥсҭазааратә мҩа аԥшаара иашьҭоу ахәаԥшцәа.
Аҭоурых аарԥшра: аҿартә театр рықәыргыламҭа "Қьалашьбеи"
- Уара зны уактиорын, зны Аҿар раурыс театр уеиҳабын, зны Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла уахантәаҩын, зны Ҳџьынџьуаа Аԥсныҟа рырхынҳәразы Аҳәынҭкарратә еилакы уеиҳабын. Уусурақәа зегьы рҿы реиҳа арҿиаратә насыԥ абаумаз?!
- Ауаҩы дызҿу аус игәы-иԥсы адкыланы даназыхандеиуа, уи иабзоураны алҵшәа бзиақәа анибо, ҳәарада, иаргьы агәахәара инаҭоит. Арҿиаратә насыԥ зегьынџьара исыман, маҵурас иныҟәызгоз зегьы рҟны рҿиарала сазнеиуан азы.
1 / 5
Анзор Мықәба
2 / 5
Анзор Мықәба
3 / 5
Анзор Мықәба
4 / 5
Анзор Мықәба
5 / 5
Анзор Мықәба
- Анзор, уара Оҭҳара ақыҭа ԥшӡа уалҵит, акрааҵуеит Аҟәа унхоижьҭеи, ухшара, умаҭацәа зегьы аҷҷахәа аԥсшәа рҳәоит!.. Иҟаҵатәуи ҳбызшәа аиқәырхаразы, ацәажәаракәа шьҭа имыцхәызар, иӷәӷәоу закәанк ҳадаҳкылар еиӷьзар?!
- Схатә ҩызеи сареи анцәа иҳаҭәеишьаз ҳахшара рбызшәала ицәажәо, рбызшәала ихәыцуа рааӡара ҳхы ианҳзалмырша, ҳаԥсҭазаара гьамас иаиуазеи! Урҭ, иаԥсыуаны анцәа ианиша, даҽа бызшәак ала изаҳааӡарыз. Иара усгьы, зинс иҳамаз, ҳауаажәлар азқьышықәсақәа иргәылганы иахьанӡа иаҳзааргаз ҳбызшәа аԥсахра, чарҳәара азура. Зинс иҳамаз – иаԥсыуа наӡаны рааӡара ахаҭыԥан, агра рыҭаны, иаԥсыуабжаны рааӡара. Аха сара схылҵ-сԥылҵ рбызшәала ицәажәоит, уи ала ихәыцуеит мацара азхаӡом, аԥсуаа зегьы ирдыруазароуп, ирҳәозароуп рхатәы бызшәа. Аха рыцҳарас иҟалаз, уи аҟны акырӡа ахьысҳара ҳныԥшуеит, изхароугьы – ҳара ҳхаҭақәа ҳауп. Аилкаара ҳцәыуадаҩхеит ҳажәлар ԥсыс ирхоу ҳбызшәа шакәу, уи анԥсы, милаҭк аҳасабала ҳаргьы ҳшыԥсуа, ишаҳцәыӡуа шьала, џьабаа рацәала иаагоу: ҳиааирагьы, ҳхьыԥшымрагьы, ҳҳәынҭқаррагьы… Иҟаҵатәузеи ҳбызшәа аиқәырхаразы? Ара, азакәан мацара азхаӡом, ҳауаажәлар ҳбызшәазы рыхдырра иазырҳатәуп. Абри азы аус ауроуп аидеологиа. Ҳбызшәа ахьысҳара, аԥсуа жәлар зегьы рзы, рыԥсҭазаараҿы зегьы иреиҳау хьымӡӷык акәны игәныркылартә еиԥш иҟаҵатәуп. Азакәангьы уи иацхраароуп, ҳҳәынҭқарраҟны ҳәынҭқарратә бызшәаны иԥхьаӡоу абызшәа атәазымбо, иҟәнызшьо, иагәҭасуа иарбанзаалак маҵурак дзахамгыло иҟаҵатәуп. Абарҭқәа анҳзеиҿырцаа, ҳбызшәа аҵара зҽазызкуа рацәаҩхоит.
1 / 4
Анзор Мықәба
2 / 4
Анзор Мықәба
3 / 4
Анзор Мықәба
4 / 4
Анзор Мықәба
- Анзор, уара иахьа аԥсуа ишықәс бзиа уааины уҭагылоуп - 75 шықәса ухыҵит! Ҳлитератураҿы ухьӡ бзианы ирдыруеит адраматургиеи, апрозеи, аҭоурыхтә публицистикеи рҟны...Уара ухьӡ Аԥсни мшын нырцә иҟоу ҳџьынџьуааи ибзиан ирдыруеит, рыгәқәагьы уладууп, уажәа акрылнадоит... Иааигәахеит Ашықәс ҿыц, иахьа имариам аамҭа иҭагылоу, аибарххара ӷәӷәақәа ирылагылоу, ашәарҭара бааԥсқәа зхызгахьоу, ириааихьоу ҳажәлар ирзеиӷьоушьои?
- Сықәра схы инархәаны, аԥсуа ҿар рахь схы нарханы гәыкала исҳәо сажәақәа раҳарц, игәныркыларц сҭахуп. Пату ақәышәҵала анцәа ишәаҭәеишьаз шәыԥсҭазаара, уи знык ауп ианшәаҭәашьоу. Шәеиҷаҳала шәаамҭа. Пату ақәышәҵала, шәыбла ҷыц еиԥш ишәыхьчала ҳауаажәлар ԥсыс ирхоу ҳбызшәа – Аԥсуа бызшәа! Ижәдырла, уи азқьышықәсақәа иргәылганы иахьанӡа ишышәзааргаз. Ишәҳәала, шәхы иашәырхәала шәгәы азгәдуны, шәазԥагьаны! Ижәдырла, шәара шәзеиуоу ауаажәлар ианакәзаалак рыкәшамыкәша иҟаз ажәларқәа рыбжьара ҷыдала ҳаҭыр ду шрықәыз, еиҿкаау, зыуаҩышәара ҳараку, аҩнуҵҟатәи акультура беиа змоу, зыԥсҭазаара ишәаны-изаны иазнеиуаз, зхы патула имҩаԥызгоз, ауаагьы пату рықәызҵоз ракәны иахьыҟаз азы. Аԥсҭазаара алеишәа џьбароуп, рыцҳашьарак амаӡам. Ҳауаажәлар раԥхьаҟа ишьҭоу ахьанҭарақәа рацәоуп. Аха урҭ зегьы ҳариааиуеит, ҳара ҳаҩнуҵҟа аҳәоуеиқәшәара анҳалҳарша. Шәара зегьы шәабацәа ахақәиҭра роурц азы ирылшоз зегьы ҟарҵеит. Наҟ-наҟ азы ҳаԥсадгьыл ахьӡгьы ахьымӡӷгьы знапы иану шәара шәоуп – аԥсуа ҿар! Хьымӡӷы Анцәа ишәимыргааит! Ҽаанбзиала! Аԥсуа дахьыҟазаалак даԥсыуоуп. Игәы еисыцыԥхьаӡа "Аԥсны, Аԥсны!" ҳәа абжьы гоит. Ҽаанбзиала, ҳдиаспора – ҳгәыӷырҭа! Ҳара ҳԥеиԥш – ҳара ҳнапы иакуп! Иааҳадгылаз Ашықәс ҿыц зегьы ҳзы иманшәалоу шықәсны иҟалааит!