Аԥсны

Апандемиа иаалагазар Гәылрыԥшь араион аҿы COVID-19 рыдбалоуп 2392-ҩык

Аԥсны аҿкчымазара зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рзеиԥш хыԥхьаӡара 33574-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәабзиара шьақәгылахьеит 27809-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 495-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 18 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Гәылрыԥшь араион аҿы COVID-19 2392-ҩык ирыдбалоуп пандемиа иалагазар, иҳәеит араион ахада Аслан Бараҭелиа аилацәажәараҿы.

Бараҭелиа иажәақәа рыла, ргәабзиара шьақәдыргылахьеит 2250-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 90-ҩык. 129-ҩык ахыԥхьакра иҟоуп , 21-ҩык астационар аҿы ишьҭоуп.

Араион ахада иҟаиҵаз адыррала "Спутник V” ҟарҵахьеит 459-ҩык, "Спутник Лайт" – 585-ҩык.
Бараҭелиа иҳәеит уажәы ишарку школк. Уа ԥшьҩык арҵаҩцәа чмазыҩхеит, иара убасгьы иаркуп ахәыҷбаҳча "Амра", 22-ҩык аусзуҩцәа рҟынтәи ааҩык чмазцәоуп.
Аԥсны
Аԥсныҟа иаагоуп алаҵа "Спутник V" апартиа