Аԥсны

COVID-19 аԥырҟәҟәаразы: Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ амобилтә госпиталь даҭааит

Sputnik
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь Аԥсныҟа иаашьҭын аҿкчымазара аԥырҟәҟәаразы ацхыраара аҟаҵараз нанҳәа 18 рзы. Уи аахыс ирыдыркылахьеит ҩ-нызқьҩык инареиҳаны ареспублика ауааԥсыра амбулатор ҳасабла, астационар иахысхьеит 600-ҩык рҟынӡа. Иахьазы агоспиталь аҿы ишьҭоуп 83-ҩык, урҭ рҟынтәи 12-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп.