Аԥсны

Аԥснынтә Урыстәылаҟа закәандарыла 300 кьыла ацитрус аҳәаа иахызгоз даанкылоуп

Ацитрус шәырқәа акарантинтә фитосанитартә хылаԥшра иаҵанакуа егьырҭ ашәырқәа реиԥш акарантинтә еиқәыԥхьаӡа иаҵанакуеит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 19 – Sputnik. Урыстәыла атәылауаҩ ихатә машьынала Аԥснынтә Урыстәылаҟа закәандарыла 300 кьыла ацитрусқәа ралгара игәы иҭан. Абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа Шәачатәи амаҵзура.
Иаанкылаз ахаҵа имашьына аҩнуҵаҟа иҭан 300 кьыла амандарина.
Убри аан иара иарбанзаалак уи аиагаразы азин ҟазҵо документк имамызт. Иара иҳәеит амандарина ахатәхархәараз ишааихәаз, ақыҭанхамҩаалыҵ коммерциатә хықәкыла аиагара шыҟамло, уи ашәҟәқәа шаҭаху шизымдыруаз.
1 / 2

Ахаҵа Аԥснынтә Урыстәылаҟа закәандарыла 300 кьыла ацитрусқәа ралгара игәы иҭан

2 / 2

Ахаҵа Аԥснынтә Урыстәылаҟа закәандарыла 300 кьыла ацитрусқәа ралгара игәы иҭан

Урыстәыла атәылауаҩ иганахь ала административтә зинеилагараз аус хацыркуп.
Жьҭаарамза алагамҭа инаркны абри аҩыза аумҭа аганахь ала 23 ус хацыркуп. Иаарԥшуп аҳазалхратә закәанԥҵара аилагарала аҳәаа иахыргоз 2 тоннак ацитрус аалыҵ.
Аҳазалхратә маҵзура иазгәанаҭоит ахатәхаҿқәа ЕАЕС атәылаҵакырахь ахатә хархәаразы иаларгало атауар аԥкра шамоу (500 евро зыхәԥсоуи (ма) 25 кьыла инаӡоуи).
Ишьақәыргылоу аасҭа иеиҳау атауар азы ишәатәхоит атауар ахәԥса аҟынтәи 30% абаџь, аха кьылак азы 4 евро иреиҳамкәа. Уи адагьы ацитрусқәа рымҩангараан хә-кьылак еиҳазар хымԥада афитосанитартә сертификат аҭахуп.
Аԥсны
Ақыҭанхамҩа аминистрра 2021 шықәсазы ацитрусқәа рекспорт зеиԥшрахо азыԥхьагәанаҭоит