https://sputnik-abkhazia.info/20211119/akhaa-asnynt-urystylaa-zakandaryla-300-kyla-atsitrusa-ralgara-igy-ian-1036395558.html
Аԥснынтә Урыстәылаҟа закәандарыла 300 кьыла ацитрус аҳәаа иахызгоз даанкылоуп
Аԥснынтә Урыстәылаҟа закәандарыла 300 кьыла ацитрус аҳәаа иахызгоз даанкылоуп
Sputnik Аҧсны
Ацитрус шәырқәа акарантинтә фитосанитартә хылаԥшра иаҵанакуа егьырҭ ашәырқәа реиԥш акарантинтә еиқәыԥхьаӡа иаҵанакуеит. 19.11.2021, Sputnik Аҧсны
2021-11-19T09:20+0300
2021-11-19T09:20+0300
2021-11-19T09:38+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0b/12/1036387434_0:790:2047:1941_1920x0_80_0_0_ffac13dee6254cb1d9fc5a3c8607751f.jpg
АҞӘА, абҵара 19 – Sputnik. Урыстәыла атәылауаҩ ихатә машьынала Аԥснынтә Урыстәылаҟа закәандарыла 300 кьыла ацитрусқәа ралгара игәы иҭан. Абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа Шәачатәи амаҵзура.Иаанкылаз ахаҵа имашьына аҩнуҵаҟа иҭан 300 кьыла амандарина.Убри аан иара иарбанзаалак уи аиагаразы азин ҟазҵо документк имамызт. Иара иҳәеит амандарина ахатәхархәараз ишааихәаз, ақыҭанхамҩаалыҵ коммерциатә хықәкыла аиагара шыҟамло, уи ашәҟәқәа шаҭаху шизымдыруаз.Урыстәыла атәылауаҩ иганахь ала административтә зинеилагараз аус хацыркуп.Жьҭаарамза алагамҭа инаркны абри аҩыза аумҭа аганахь ала 23 ус хацыркуп. Иаарԥшуп аҳазалхратә закәанԥҵара аилагарала аҳәаа иахыргоз 2 тоннак ацитрус аалыҵ.Аҳазалхратә маҵзура иазгәанаҭоит ахатәхаҿқәа ЕАЕС атәылаҵакырахь ахатә хархәаразы иаларгало атауар аԥкра шамоу (500 евро зыхәԥсоуи (ма) 25 кьыла инаӡоуи).Ишьақәыргылоу аасҭа иеиҳау атауар азы ишәатәхоит атауар ахәԥса аҟынтәи 30% абаџь, аха кьылак азы 4 евро иреиҳамкәа. Уи адагьы ацитрусқәа рымҩангараан хә-кьылак еиҳазар хымԥада афитосанитартә сертификат аҭахуп.
https://sputnik-abkhazia.info/20211118/ayankhama-aministrra-2021-shysazy-atsitrusa-reksport-zeishrakho-azykhaganaoit-1036376907.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0b/12/1036387434_0:598:2047:2133_1920x0_80_0_0_d926ecfbdec147a8ac812943abe78160.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аԥснынтә Урыстәылаҟа закәандарыла 300 кьыла ацитрус аҳәаа иахызгоз даанкылоуп
09:20 19.11.2021 (ирҿыцуп: 09:38 19.11.2021) Ацитрус шәырқәа акарантинтә фитосанитартә хылаԥшра иаҵанакуа егьырҭ ашәырқәа реиԥш акарантинтә еиқәыԥхьаӡа иаҵанакуеит.
АҞӘА, абҵара 19 – Sputnik. Урыстәыла атәылауаҩ ихатә машьынала Аԥснынтә Урыстәылаҟа закәандарыла 300 кьыла ацитрусқәа ралгара игәы иҭан. Абри атәы
аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа Шәачатәи амаҵзура.
Иаанкылаз ахаҵа имашьына аҩнуҵаҟа иҭан 300 кьыла амандарина.
Убри аан иара иарбанзаалак уи аиагаразы азин ҟазҵо документк имамызт. Иара иҳәеит амандарина ахатәхархәараз ишааихәаз, ақыҭанхамҩаалыҵ коммерциатә хықәкыла аиагара шыҟамло, уи ашәҟәқәа шаҭаху шизымдыруаз.

Ахаҵа Аԥснынтә Урыстәылаҟа закәандарыла 300 кьыла ацитрусқәа ралгара игәы иҭан

Ахаҵа Аԥснынтә Урыстәылаҟа закәандарыла 300 кьыла ацитрусқәа ралгара игәы иҭан
Ахаҵа Аԥснынтә Урыстәылаҟа закәандарыла 300 кьыла ацитрусқәа ралгара игәы иҭан
Ахаҵа Аԥснынтә Урыстәылаҟа закәандарыла 300 кьыла ацитрусқәа ралгара игәы иҭан
Урыстәыла атәылауаҩ иганахь ала административтә зинеилагараз аус хацыркуп.
Жьҭаарамза алагамҭа инаркны абри аҩыза аумҭа аганахь ала 23 ус хацыркуп. Иаарԥшуп аҳазалхратә закәанԥҵара аилагарала аҳәаа иахыргоз 2 тоннак ацитрус аалыҵ.
Аҳазалхратә маҵзура иазгәанаҭоит ахатәхаҿқәа ЕАЕС атәылаҵакырахь ахатә хархәаразы иаларгало атауар аԥкра шамоу (500 евро зыхәԥсоуи (ма) 25 кьыла инаӡоуи).
Ишьақәыргылоу аасҭа иеиҳау атауар азы ишәатәхоит атауар ахәԥса аҟынтәи 30% абаџь, аха кьылак азы 4 евро иреиҳамкәа. Уи адагьы ацитрусқәа рымҩангараан хә-кьылак еиҳазар хымԥада афитосанитартә сертификат аҭахуп.