АҞӘА, абҵара 18 - Sputnik. Абҵара 18 азы Аԥсны ААР аусзуҩцәа иааныркылеит ҩыџьа атәылауаа, мышкы аԥхьа Ареспубликатә ԥсихиатриатә хәшәтәырҭаҟынтәи ибналаз. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аԥсны ААР аппарат хада аусзуҩцәеи Аҟәа ақалақь ААР ашьаусԥшаара аҟәша аусзуҩцәеи, Гәылрыԥшь араион ААР аоперативтә гәыԥи иааныркылеит Џьырхәа инхо, 1982 шықәса рзы ииз Чакәа Аҭеибеи Гагра инхо, 1997 шықәсазы ииз Роман Беиеи.
Аусбарҭа апресс-маҵзура адыррала Аҭеиба хараны идуп 2019 шықәсазы ауаҩшьреи, закәаншьаҭада абџьар ҵәахны амазаареи.
Беиа ихараҵоуп 2020 шықәса нанҳәамзазы Гәдоуҭа араион аҿы инхо Ҭемыр Мшьелиеи Гагра араион инхо Амир Кьетиеи алархәны арҳәра амҩаԥгара азыԥхьагәеиҭон ҳәа.
Амир Кьетиа Гагра араион амилициа рықәлара аԥырҟәҟәаараан абҵара 16 рзы дҭахеит.
Аҭеибеи Беиеи амбулатор-комплекстә апсихолог-аԥсихиатриатә експертиза иахысуан.
Иаанкылоу рганахь ала аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа мҩаԥысуеит.