Аԥсны

Гәдоуҭа араион ахәҭак лашарада иҟоуп авольтҳаракы "Баӷмаран" иҟалаз аԥхасҭа иахҟьаны

Абҵарамза 16 инаркны афымцацәаҳәа хадақәа "Шьешьелеҭ-1", "Аҽгәара" ирықәу афымцамчхара ахьеиҳахаз иахҟьаны Аԥсны иалагалоуп аамҭа-аамҭала алашара арцәара аграфик.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 19 - Sputnik. Гәдоуҭа араион ахәҭак лашарада иҟоуп авольтҳаракы "Баӷмаран" иҟалаз аԥхасҭа иахҟьаны, абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".

Афымцалашарада иаанхеит астанциа маҷқәа "Гәдоуҭа-110", "Гәдоуҭа-амчхара", "Мҵара", "Дәрыԥшь", "Афон ҿыц".

"Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәа аԥхасҭа ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы аусурақәа ирҿуп.