Аԥсны

Ишьақәыргылоуп урыстәылатәи атәанчахәыҭара абҵарамзатәи аграфик

Аԥснытәи атәанчахәы зауа ашәарақәа абанктә хсаалагақәа ирхымԥхьаӡалакәа абанкоматқәа рҟынтәи рыҭара иалагеит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 19 - Sputnik. Аԥсны Аҵәахырҭатә банк еиқәнаршәеит 2021 шықәса абҵарамзазтәи атәылаҿы урыстәылатәи атәанчахәшәара аграфик.
Арадио
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Гәылариа атәанчахәытә фонд абиуџьет аизырҳара иазкны
Абҵарамзазтәи урыстәылатәи атәанчахәыҭара аграфик инақәыршәаны, абҵара 16, 17 рзы атәанчахәы роуеит 1940 шықәсанӡа ииз атәанчаҩцәа. Абҵара 18, 19 рзы - 1941-1947 шықәсқәа рзы ииз.
Абҵара 22, 23 рзы - 1948-1950 шықәсқәа рзы ииз.
Абҵара 24, 25 рзы - 1951-1953 шықәсқәа рзы ииз.
Абҵара 29, 30 - 1954-1956 шықәсқәа рзы ииз.
Ԥхынҷкәын 1 инаркны - 1957 шықәса рынахыс ииз атәанчаҩцәа.
Нанҳәамза 2020 шықәса инаркны урыстәылатәии аԥснытәии атәанчахәытә шәарақәа абанктә хсаалагақәа ирхымԥхьаӡалакәа абанктә кассақәа рҟынтәи рыҭара иалагеит.
Аԥсуа тәанчахәы мацара зауа атәанчаҩцәа аԥара роуеит абанкоматқәа рҟынтәи абанктә хсаалагақәа рыла.