Лавров Мраҭашәаратәи атәылақәа Амшын еиқәаҿы рхымҩаԥгашьа провокациоуп ҳәа ахиҳәааит

Жьҭаарамза аԥхьатәи амшқәа инадыркны Амшын еиқәа аӡқәа рҿы имҩаԥысуан НАТО атәылақәа рырратә ҽазыҟаҵарақәа.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 19 - Sputnik. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Мраҭашәаратәи атәылақәа Амшын еиқәаҿы рхымҩаԥгашьа провокациоуп ҳәа ахиҳәааит.
Аексперт ЕАА Амшын еиқәаҿы ахымҩаԥгашьа амч аарԥшроуп иаанаго ҳәа ахиҳәааит
"Иахьынӡаздыруала Урыстәыла ахада инҭкааны иҳәеит Амшын еиқәаҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа хәшьарас иаҳҭо. Ҳара ара иаабо провокациоуп, иаабо асахьаҭыхыҩцәа, ашәҟәыҩҩцәа, акинематографистцәа зызхьаԥшуа аҭагылазаашьоуп, "Wag the Dog" - "Ала аҵыхәа аршәшәоит", - ҳәа реиҳәеит Ловров ажурналистцәа.
Урыстәыла ахада Владимир Путин аԥшьашаҽны иҳәеит Мраҭашәара Донбасс аҭагылазаашьа аруадаҩуеит, Киев ҳаамҭазтәи абџьарла еиқәыршәо, Амшын еиқәаҿы арратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥго ҳәа.
Путин ЕАА аӷбақәа Амшын еиқәаҿы рыҟазааразы: ахараԥшыгала ҳахәаԥшып, ма акылыԥшырҭа ала