QR-кодқәа ажьырныҳәа 18 аҟынӡа Ҟәбан амаҵзуратә ҭыԥқәак рҿы ихымԥадатәиуп

Краснодартәи атәылаҿацә аҿы аҵыхәтәантәи амшқәа рзы акоронавирустә инфекциа акыр иалаҵәеит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 19 - Sputnik. QR-кодқәа ма акоронавирус шухугаз азы аршаҳаҭга мамзаргьы алаҵаҟаҵара шыҟамло азы ардырга аҭахуп ажьырныҳәа 18 аҟынӡа Ҟәбан амаҵзуратә ҭыԥқәак рҿы ҳәа иҳәеит Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор Вениамин Кондратьев.
Уаанӡа агубернатор аҳәамҭа ҟаиҵахьан Краснодартәи атәылаҿацә аҿы аҵыхәтәантәи амшқәа рзы акоронавирустә инфекциа акыр иалаҵәеит ҳәа. Аҵыхәаәтантәи уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа ачымазара рыдбалан 903-ҩык. Ари апандемиа иаалагазар иреиҳау рбагоуп.
Иара убасгьы иҳәеит аҭагылазаашьа аицәахара инадҳәаланы абҵара 22 инаркны ажьырныҳәа 18 аҟынӡа арегион аҿтәи ахәаахәҭра-агәырҿыхаратә ҭыԥқәа рахь анеиразы QR-кодқәа ма акоронавирус шухугаз азы аршаҳаҭга мамзаргьы алаҵаҟаҵара шыҟамло азы аилыркаа аҭахуп ҳәа. Ари аҩыза адҵа ыҟоуп ауаажәларратә крыфарҭақәа рҿгьы.

"QR-кодқәа ма акоронавирус шухугаз азы аршаҳаҭга мамзаргьы алаҵаҟаҵара шыҟамло азы аилыркаа аҭахуп амаҵзуратә ҭыԥқәа: абзазаратә маҵзурақәа рнаплакқәа зегьы, ахәаахәҭратә ҭыԥқәа (аԥҭекақәа, зыда ԥсыхәа ыҟам атауар ахьырҭиуа адәқьанқәа рыда), афитнес-центрқәа, аспортзалқәа, аӡҭарчқәа рҿы. Иара убасгьы аусутә еиԥыларақәеи аконгресс-цәыргақәҵатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгараан", - ҳәа иҩуеит Кондратьев Telegram аҿы.

Иахьатәи аамҭазы атәылаҿацә аҵакыраҿы акрыфарачаратә аҭыԥқәа рахь инарышьҭуа QR-код ма COVID-19 шырхыргахьоу азы аршаҳаҭга змоу роуп. Иара абарҭ аҭахуп ахәаахәҭра-агәырҿыхаратә центрқәа, акомплексқәа (ТРК, ТРЦ) рҭаараз.
COVID-19 зыхьыз рхыԥхьаӡара абжьааԥны еиԥшымкәа ирацәахеит Ҟәбина иахьаҵанакуа
Аотель аҩналара ҟалоит COVID-19 аҟынтә алаҵа еилазаарак ҟаҵазар, аха аресторан ма акаҳуажәырҭа аҭаараан QR-код ма COVID-19 шырхыргахьо азы аршаҳаҭга аҭахуп. Иаанкылоуп ауаа рацәа злахәу аспорттә, абаҩырҵәыратә, агәырҿыхаратә, акультуратә уснагӡатәқәа арегион аҿы рымҩаԥгара. Ззин ыҟоу апрофессионалтә спорттә еицлабрақәа роуп, урҭгьы ахәаԥшыҩцәа аламырхәыкәа.
Абҵара 6 инаркны Шәача ахәаахәҭратә центрқәа рахь QR-кодқәа рыла мацароуп ушынарышьҭуа