Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра COVID-19 ахәшәтәразы абжьгара ҿыцқәа аларгалеит

Апрофилактиказ аҟәша хадырҭәааит "Спутник Лайт" аиҭалаҵаҟаҵараз ахархәара аҷыдарақәа рыла.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 19 – Sputnik. Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра COVID-19 апрофилактиказы, ахәышәтәразы абжьгарақәа еиҭарҿыцит ҳәа аҩуеит РИА Новости аусбарҭа апресс-маҵзура адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.
Гинцбург хымԥадатәи алаҵаҟаҵара ахәҭоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит
Убас, иаларгалеит оксигенотерапиа, оксигенациа ацҵа, аҵәыҵәри адкылара уҳәа рзы аиҭакрақәа. Еиқәыԥхьаӡоуп аоксигенациа ацҵа атехнологиақәа.
Апрофилактиказ аҟәша хадырҭәааит "Спутник Лайт" аиҭалаҵаҟаҵараз ахархәара аҷыдарақәа рыла.
Уи адагьы еиҭакуп ачымазара марианы изхызго барицитиниба рыҭара арежим.
Аҿыцрақәа ирыҵаркит COVID-19 змоу рҟны аинвазивтә аспергиллези аинвазивтә кандидози рдиагностика.