Аԥсны

"Амшынеиқәафымцамч" иаанацҳауеит афымцацәаҳәақәа ирықәу аидара шырзышьҭымхуа

Sputnik
АҞӘА, абҵара 20 - Sputnik. Афымцатә цәаҳәақәа ирықәу аидара амчхара азымхара иахҟьаны ихадоу афымцатә цәаҳәақәа рхала ицәоит, ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Аидара амчхара азымхара иахҟьаны аусура еиԥҟьеит авольтҳаракы "Кәыдры-110". Аиҭашьақәыргылараз аусуцәа амҩа иқәлеит.
Абҵара 16 инаркны афымцацәаҳәа хадақәа "Шьешьелеҭ-1", "Аҽгәара" ирықәу афымцамчхара ахьеиҳахаз иахҟьаны Аԥсны иалагалоуп аамҭа-аамҭала алашара арцәара.
Аԥсны аенергетикатә усхк ауадаҩрақәа амоуп, аинфраструктура ахьажәызи, ессышықәса алашара ахархәара иахьацлои, иара убас алашара ахә ахызшәаауа рхыԥхьаӡара иаҳа имаҷхоит. Аԥсны афымцалашара амчхара азымхара азгәаҭаны акриптавалиута арҳара азин шыҟамгьы уи ахархәара шамац иаанхоит.
Аԥсны
Аҟәа х-фазакны иҟоу ацәаҳәақәа закәаншьаҭада рыҽрыԥшьрақәа 18 аадырԥшит