Аԥсны

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа апатриарх Кирилл иубилеи идиныҳәалеит

Москватәии Урыстәылазегьтәии апатриарх Кирилл асабша 75 шықәса ихыҵит. Иубилеи аҳаҭыр азы Кремль имҩаԥысит атрадициақәа реиқәырхаразы Андреи Аԥхьанаԥхьа иорден апатриарх ианашьара иазкыз аусмҩаԥгатә.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 20 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа апатриарх Кирилл 75 шықәса ихыҵра идиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.

"Шәыԥшьаҳаракыра! Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи! Шәара шәыԥсҭазаара Анцәа имаҵ аура, ауаа рыгәқәа рыҟны аиашахаҵаратә нцәахаҵара ашьақәырӷәӷәара иазышәкит. Аурыс Иашахаҵаратә Ныха апозициа арӷәӷәаразы Шәара апатриарх иаҳасабала имҩаԥыжәго аԥшьамаҵзура аҳаҭырқәҵара ду иаԥсахеит", - ҳәа аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәы аҟны.

Бжьаниа иазгәеиҭеит, аамсҭашәареи ақьырсиан ҵасқәа рышьақәырӷәӷәареи ирыбзоураны апатриарх Кирилл адунеи зегьы аҿы хьӡи-ԥшеи иманы дшеицырдыруа.
"Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҭабуп ҳәа шәарҳәоит, Шәара иҟашәҵо адгыларазы. Агәра згоит аԥхьаҟагьы ҳқьырсиан жәларқәа реизыҟазаашьа аиҩызара шьаҭа аманы ишҿио", - иҳәеит ахада.
Аслан Бжьаниа урыстәылатәи апатриарх изеиӷьеишьеит агәабзиара, имҩаԥиго иусқәа рыҟны аихьӡарақәа.
Аԥсуа Иашахаҵаратә уахәама ахада Қарҭҟа инаԥхьара ахҳәаа аиҭеит
Урыстәыла ахада Владимир Путин апатриарх Кирилл 75 шықәса ихыҵра аҳаҭыр азы ианеишьеит Андреи Аԥхьанаԥхьа иорден адоуҳатәи акултуратәи атрадициақәа реиқәырхареи реихаҳареи рзы.