Аԥсуа Иашахаҵаратә уахәама ахада Қарҭҟа инаԥхьара ахҳәаа аиҭеит

© Sputnik Сухумский собор на улице 4 марта
Сухумский собор на улице 4 марта - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.10.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуа Иашахаҵаратә уахәама Қарҭҟа анаԥхьара аиуит Қырҭтәылатәи Апатриархат Аԥсуа Иашахаҵаратә уахәама аганахь ала иԥҟаратәым азинмчнырразы АИУ урыстәылатәии қырҭтәылатәии Апатриархцәа рахь ааԥхьара аныҟанаҵа ашьҭахь.
АҞӘА, жьҭаара 21 – Sputnik. Аԥсуа Иашахаҵаратә уахәама ахада, аиереи Виссарион Аԥлиа АИУ астатус алацәажәаразы Қарҭынтә иоуз анаԥхьара ахҳәаа аиҭеит.
Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу аҭо иара иҳәеит анаԥхьара мап шацәикуа. Иара игәаанагарала Аԥсуа Иашахаҵаратә уахәама азҵаара Урыстәыла ирыӡбар шакәу.
Азҵаара ӡбатәуп шәышықәса раԥхьа ахы ахьакыз. Уоуп ҳахьеилацәажәаша. Уара ушьра иахьашьҭоу ацәажәара иаԥсаӡам. Нестор Лакоба, Владислав Арӡынба Қарҭ ашьҭахь ирҵыхәтәхаз аадыруеит. Рыгәра гатәӡам.
Аԥсуа Иашахаҵаратә уахәама Қарҭҟа анаԥхьара аиуит Қырҭтәылатәи Апатриархат Аԥсуа Иашахаҵаратә уахәама аганахьала иԥҟаратәым азинмчнырразы АИУ урыстәылатәии қырҭтәылатәии Апатриархцәа рахь ааԥхьара аныҟанаҵа ашьҭахь.
Аԥсуа Иашахаҵаратә уахәама аҳәамҭа ҟанаҵеит "Аԥсны Қырҭтәылатәи Аиашахаҵаратә уахәама иаҵакыраны изыԥхьаӡо доуҳала рзааигәахара шаҭахым" азы.
АИУ ақәгәыӷуеит XIX ашәышықәса аахыс Кавказ ақьырсианра еиҭашьақәзыргыло Урыстәылатәи аныхабаа ацхыраарала ахьыԥшымра аиуп ҳәа.
Аԥсны – ақьырсиан ҭоурых дуӡӡа змоу тәылоуп. Аԥсуаа ақьырсианра ныҟәыргоит 55 шықәса ҳера иалагазар аахыс. Ара Анцәа дрыладырҵәон Симон Кананнтәии Андреи Аԥхьанаԥхьаҩи. Аԥсуа епископ Стратофил Никеиатәи аизара ду далахәын 325 шықәсазы. Ареспублика аҵакыраҿы игылоуп хыԥхьаӡара рацәала аныхабаақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0