Аԥсны

Авольтҳаракы "Баӷмаран" аҟны иҟалаз амашәыр аԥыхуп

Sputnik
АҞӘА, абҵара 20 - Sputnik. Авольтҳаракы "Баӷмаран" аҟны иҟалаз амашәыр аԥыхуп, ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Аацҳамҭаҿы иаҳәоит ари ацәаҳәала афымцалашара шышьақәыргылоу.
Аиҭашьақәыргылараз аусзуцәа абҵара 20 шьыжьнаҵы рнапы аларкит афымцацәаҳәа ааха ахьамыз.
Авольтҳаракы "Баӷмаран" ааха аиуит иаха, уи иахҟьаны лашарада иаанхеит Гәдоуҭа араион ахәҭак. Убри аан, лашарада иаанхаз аамҭеихшарала афымцалашара рыҭан.