Аԥсны

Мышкала жәаҩык инреиҳаны Аҟәа алаҵа "Спутник V" ҟарҵеит

Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" аҟаҵара Аԥсны ихацыркхеит аԥшьаша абҵара 18 рзы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 20 – Sputnik. Иҟоу адыррақәа рыла, ҿыц иаагоу алаҵа "Спутник V" абҵара 18 инаркны Аҟәа жәиԥшь-ҩык иҟарҵахьеит, ҳәа азгзалҭеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Аҟәа ақалақь ахадара агәабзиарахьчара аусбарҭа аиҳабы Ирма Воуԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, алаҵа "Спутник лайт" рыларҵахьеит 2 330-ҩык. Анаҩс иара ахархәара аиуеит шықәсыбжак аԥхьа "Спутник V" алаҵа ҟазҵахьоу реиҭалаҵаҟаҵаразы. Воуԥҳа иазгәалҭеит, аиҭалаҵаҟаҵараан ишхымԥадатәиу ауаҩы шаҟа атәымцәеижьҿагылара илоу агәаҭара.
Аԥсны
"Спутник V" ала алаҵаҟаҵара иалагеит Аԥсны
Аԥсны Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" алаҵаҟаҵара еиҭалагеит абҵара 18 инаркны. Акоронавирус аҟынтәи урыстәылатәи "Спутник V" 6000 лаҵа иҟоу раԥхьатәи ахәҭа Аԥсныҟа иааргеит абҵарамза 16 рзы. Уажәтәи алаҵа аахәоуп аҳәынҭқарратә биуџьет ахарџь ала.
Алаҵа араионқәа рахь инарышьҭуа мышқәак ирызхаша алаҵа аҭыԥантәи ахәшәтәырҭақәа рҟны иҵәахызаауеит, уи азы агәабзиарахьчара аминистрра араионтә хәшәтәырҭақәа архьшәашәагақәеи, иаарԥмырҟьаӡақәа афымцалашара анеиразы агенераторқәеи рыла еиқәдыршәеит.
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Воуԥҳа Аҟәа аҿкчымазара аҟынтәи алаҵаҟаҵара иазкны