Аԥсны

Урыстәыла Аԥсны ацхыраара анаҭоит COVID-19 зыдбалоу ачымазцәа хәшәла реиқәыршәаразы

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Москва иусутә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны диԥылеит Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Виктор Фисенко.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 20 - Sputnik. Урыстәыла Аԥсны ацхыраара анаҭоит акоронавирус ахәшәтәразы зыхә цәгьоу ахәшәқәа "Актемра", "Артлегиа", "Илсира" раахәараҿы. Абри атәы аанацҳауеит агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

"Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра ари азҵаараҿы ацхыраареи адгылареи ҳарҭоит", - иҳәеит Едуард Быҭәба Виктор Фисенкои иареи реиԥылара алкаа ҟаҵо.

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистри Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩи ҳтәылаҟны аепидҭагылазаашьа зеиԥшроу иалацәажәеит.
Ашықәс иалагазар COVID-19 заҟа аԥара ахҭынҵоу атәы рҳәеит
"Урыстәылатәи аган ирҳәеит, аҿкчымазара аҟынтәи ҳауаажәлар рыхәшәтәраҿы ацхыраара аҟаҵара ишазхиоу. Иара убас еиқәшаҳаҭхеит аҳақьымцәа рзы онлаин-конференциақәа рымҩаԥгаразы", - иҳәеит Быҭәба.
Быҭәбеи Фисенкои иалацәажәеит Аҟәа зыргылара азгәаҭоу акардиологиатә центр, амедицинатә бгаԥсаҟаҵареи, QR-коди Аԥсны агәабзиарахьчара ирынаҭо асертификатқәеи рызхаҵареи, иара убас аҩ-тәылак ргәабзиарахьчаратә министррақәа ирыбжьоу аиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны русеицура.
Аԥсны
"Спутник V" ала алаҵаҟаҵара иалагеит Аԥсны