АҞӘА, абҵара 22 – Sputnik. Аԥсни Ҭырқәтәылеи рыбжьара амшынтә еимадара азҵаара хадақәа ируакуп ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Апарламент адепутат Асҭамыр Логәуа, аԥсуа депутатцәа Ҭырқәтәыла рыҟазаара далацәажәо.
"Ҳара арахь иҟоу абри аус ҩнапыкла иаҳкыроуп. Даара ҳақәгәыӷуеит 2022 шықәса адунеи зегьы аиԥш, хаҭала Ҭырқәтәылатәи Ареспубликеи ҳареи еиҳа ҳаиныруа ҳҟалап ҳәа", - иҳәеит иара.
Адепутат иазгәеиҭеит арепатриантцәеи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәеи аҳауатә еимадара рхы ишадырхәо Аԥсныҟа аарази Ҭырқәтәылаҟа ацарази. Ари аԥара аганахьала акыр ахәқәа шдуу.
"Сара сгәаанагарала амшынтә еимадара еиҳа иманшәалахон аҳауатә транспорт аасҭа. Амшынтә еимадара аекономикатә еизыҟазаашьақәагьы арӷәӷәон, аҩтәылакгьы", - ҳәа иҳәеит Логәуа.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит Аԥсны ахада ихаҭарнак Ибрагим Аҩӡбеи адиаспора зегьи русура еиқәыршәарыла ишымҩаԥысуа.
Ҭырқәтәыла рыҟазаараан аделегациа алахәын Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа Рфедерациа VII аизара ду, ҭырқәтәылатәи ақалақь Коџьаели аҿы. Аизара ду аҿы далхын ахантәаҩ ҿыц – Мураҭ Махариа.