https://sputnik-abkhazia.info/20211115/yrtyla-iou-asua-kulturat-kheidkylaa-rfederatsia-akhanta-yts-dalyrkhit-1036340131.html
Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа ахантәаҩ ҿыц далырхит
Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа ахантәаҩ ҿыц далырхит
Sputnik Аҧсны
2017 шықәса раахыс Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа ахантәаҩыс дыҟан Аҭанур Аҟәысба. 15.11.2021, Sputnik Аҧсны
2021-11-15T14:25+0300
2021-11-15T14:25+0300
2021-11-15T14:25+0300
ажәабжьқәа
аԥсны
арепатриациа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0b/0f/1036337724_0:70:748:491_1920x0_80_0_0_67ac01a36e2e54ce9a7e1a9a0cea60d0.jpg
АҞӘА, абҵара 15 – Sputnik. Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа VII аизара ду мҩаԥысит абҵара 14 рзы Измиҭ ақалақь аҿы. Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа ахантәаҩ ҿыцс далырхит Мураҭ Махариа ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс".Иара убасгьы еиҿкаауп Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа аилазаара.Аизара ду иалахәын Аԥсны Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа зхадараҿы дыҟаз аԥсуа делегациа. Аизара ду аҿы дықәгыло, Кәарҷиа иҳәеит Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә хеидкылақәа Рфедерациа аусура Аԥсни аԥсуа диаспореи реимадара ишацхраауа, Ҭырқәтәыла ишаланарҵәо аԥсуа бызшәеи акультуреи.Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала Аҭанур Аҟәысба инапы иаиркит ианашьоу аҳамҭа – "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара.Иара убасгьы Аҭанур Аҟәысба ианашьоуп Жәлар Реизара аҳаҭыртә шәҟәы арепатриантцәа рҭоурых ԥсадгьыл ахь рыхынҳәра, ахатәы бызшәа, акультура реиқәырхара, егьырҭ атәылақәа рҿы инхо адиаспора ахаҭарнакцәа рымадара уҳәа рҿы илагала ду азы.Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа еиднакылоит Ҭырқәтәыла аҵакыраҿы иҟоу 17 хеидкыла. Иахьазы иара иалахәылоуп 15000-ҩык инарзынаԥшуа аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа.Афедерациа ахантәаҩыс иҟан: Феридун Аҟәысба, Џьенгиз Ашәба, Аҳмеҭ Хапат. 2017 шықәсазы ахантәаҩыс далхын Аҭанур Аҟәысба, 2019 шықәсазы иара деиҭалхын.
https://sputnik-abkhazia.info/20211110/aysba-asni-yrtylei-iou-azhlar-reimadara-aus-azy-24-saagy-azkhom---1036264419.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0b/0f/1036337724_0:0:748:561_1920x0_80_0_0_dc5f4292a733bdc820aabd53b1c57822.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, арепатриациа
Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа ахантәаҩ ҿыц далырхит
2017 шықәса раахыс Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа ахантәаҩыс дыҟан Аҭанур Аҟәысба.
АҞӘА, абҵара 15 – Sputnik. Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа VII аизара ду мҩаԥысит абҵара 14 рзы Измиҭ ақалақь аҿы. Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа ахантәаҩ ҿыцс далырхит Мураҭ Махариа ҳәа аанацҳауеит "
Аԥсныпресс".
Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа ахантәаҩразы Мураҭ Махариеи Орал Бганбеи ркандидатурақәа ықәыргылан. Абжьыҭара азин рыман аԥсуа культуратә хеидкылақәа рлахәылацәа рҟынтәи аделегатцәа заҵәык. Мураҭ Махариа изы рыбжьы арҭеит 175 делегат, Орал Бганба изы – 98 делегат.
Иара убасгьы еиҿкаауп Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа аилазаара.
Аизара ду иалахәын Аԥсны Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа зхадараҿы дыҟаз аԥсуа делегациа. Аизара ду аҿы дықәгыло, Кәарҷиа иҳәеит Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә хеидкылақәа Рфедерациа аусура Аԥсни аԥсуа диаспореи реимадара ишацхраауа, Ҭырқәтәыла ишаланарҵәо аԥсуа бызшәеи акультуреи.
© Foto / АПСНЫПРЕССҬырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа VII аизара ду мҩаԥысит абҵара 14 рзы Измиҭ ақалақь аҿы.
Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа VII аизара ду мҩаԥысит абҵара 14 рзы Измиҭ ақалақь аҿы.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала Аҭанур Аҟәысба инапы иаиркит ианашьоу аҳамҭа – "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара.
Иара убасгьы Аҭанур Аҟәысба ианашьоуп Жәлар Реизара аҳаҭыртә шәҟәы арепатриантцәа рҭоурых ԥсадгьыл ахь рыхынҳәра, ахатәы бызшәа, акультура реиқәырхара, егьырҭ атәылақәа рҿы инхо адиаспора ахаҭарнакцәа рымадара уҳәа рҿы илагала ду азы.
Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа еиднакылоит Ҭырқәтәыла аҵакыраҿы иҟоу 17 хеидкыла. Иахьазы иара иалахәылоуп 15000-ҩык инарзынаԥшуа аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа.
Афедерациа ахантәаҩыс иҟан: Феридун Аҟәысба, Џьенгиз Ашәба, Аҳмеҭ Хапат. 2017 шықәсазы ахантәаҩыс далхын Аҭанур Аҟәысба, 2019 шықәсазы иара деиҭалхын.