Аԥсны

Алаҵа "Спутник Лайт" Аԥсны хәнызқьҩык рҟынӡа иҟарҵахьеит

Аԥсны зынӡа алаҵа ҟарҵахьеит 11 727-ҩык "Спутник V" "Спутник Лайт" рыла.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 22 - Sputnik. Урыстәылатәи алаҵа "Спутник Лайт" Аԥсны иҟарҵеит 5 145-ҩык, ҳәа аанацҳауеит Аԥсныпресс Агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа шьаҭас иганы.

Иаанхаз 355 лаҵа ахарахәара аҭахоит атәылауаа реиҭалаҵаҟаҵаразы.

Алаҵа "Спутник V" аҟаҵара иеиҭахацыркын абҵара 18 азы. Абҵара 22 азы алаҵа ҟарҵахьеит 82-ҩык.
6000 лаҵа "Спутник V" Аԥсныҟа иааган абҵара 16 азы. Алаҵа ареспубликатә биуџьет аҟынтәи ахә ахшәаауп.
Аԥсны
"Спутник V" ала алаҵаҟаҵара иалагеит Аԥсны