Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәа рделегациа Ҭырқәтәыла иҟан абҵара 12 инаркны 18-нӡа. Адепутатцәа алахәын Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа абыжьбатәи Аизара ду, убасгьы ирԥылеит Ҭырқәтәылатәи апарламент адепутатцәа.
"Ҭырқәтәылаҟа ацара ҳгәы иҭеижьҭеи акырҵуан, аха Афедерациа ааԥхьара анҳнаҭа, ҩба-хԥа ус еилаҳагӡарц азаҳаӡбеит. Ҳхықәкқәа иреиуан Аԥсны ахаҭарнакра уа ишыҟоу аилкаара. Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуаа еиуеиԥшым азҵаарақәа ҳа ҳахь ирымоуп: атәылауаҩшәҟәқәа, аимадара. Атәылауаҩшәҟәқәа заҳҭахьоу рыҽҳәара нҵәахьеит, аимадара азҵаара акәзар даараӡа акраҵанакуеит", - иҳәеит Кәарҷиа.
Жәлар реизара ахантәаҩы еиҭеиҳәеит Ҭырқәтәыла апарламент адепутатцәеи дареи шеиԥылаз, излацәажәоз азҵаарақәа ртәы.