Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кәарҷиа адепутатцәа Ҭырқәтәыла реиԥыларақәа рзы: сгәыӷуеит ԥхьаҟа алҵшәа аарышьҭып ҳәа

Кәарҷиа адепутатцәа Ҭырқәтәыла реиԥыларақәа рзы: сгәыӷуеит ԥхьаҟа алҵшәа аарышьҭып ҳәа
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәа Ҭырқәтәылаҟа рцара ахықәки, уаҟа имҩаԥыргаз аиԥыларақәеи ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Жәлар реизара ахантәаҩы Валери Кәарҷиа.
Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәа рделегациа Ҭырқәтәыла иҟан абҵара 12 инаркны 18-нӡа. Адепутатцәа алахәын Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа абыжьбатәи Аизара ду, убасгьы ирԥылеит Ҭырқәтәылатәи апарламент адепутатцәа.
"Ҭырқәтәылаҟа ацара ҳгәы иҭеижьҭеи акырҵуан, аха Афедерациа ааԥхьара анҳнаҭа, ҩба-хԥа ус еилаҳагӡарц азаҳаӡбеит. Ҳхықәкқәа иреиуан Аԥсны ахаҭарнакра уа ишыҟоу аилкаара. Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуаа еиуеиԥшым азҵаарақәа ҳа ҳахь ирымоуп: атәылауаҩшәҟәқәа, аимадара. Атәылауаҩшәҟәқәа заҳҭахьоу рыҽҳәара нҵәахьеит, аимадара азҵаара акәзар даараӡа акраҵанакуеит", - иҳәеит Кәарҷиа.
Жәлар реизара ахантәаҩы еиҭеиҳәеит Ҭырқәтәыла апарламент адепутатцәеи дареи шеиԥылаз, излацәажәоз азҵаарақәа ртәы.
Ажәабжьқәа зегьы
0