Аԥсны

Акоронавирус злаз фҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит Аԥсны уахыки-ҽнаки рыла

Аԥсны ачымазараҿкы зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рзеиԥш хыԥхьаӡара 34265-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәабзиара шьақәгылахьеит 28650-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 516-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 23 - Sputnik. COVID-19 азы атестқәа арҭеит 614-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 144-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.

Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит ԥшьҩык: 77 , 70, 69 шықәсқәа зхыҵуаз хҩык аҳәсеи, иара убас 81 шықәса зхыҵуаз ахаҵеи. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы рыԥсҭазаара иалҵит 1961, 1930 шықәсқәа рзы ииз ҩыџьа аҳәса.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 53-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 20-ҩык, ибжьаратәуп - 31-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 39-ҩык, урҭ рахьтә 12-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 21-ы, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 19-ҩык, урҭ рахьтә хҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы жәаҩык ачымазцәа шьҭоуп. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 64-ҩык, 12-ҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.