Аԥсны

Анқәаб анапынҵа ҟаиҵеит Лакоба имузеи аиҭашьақәыргыларазы ахарџьнҵа еиқәдыршәарц

Александр Анқәаб аилацәажәара мҩаԥигеит акультура аминистр Гудиса Агрба, Аҳәынҭеилакы "Аԥсныргылара" адиректор хада Руаслан Тәанба алархәны аҳәынҭқарратә усбарҭа "Н.А. Лакоба иҭоурых-мемориалтә музеи" ахыбра аиҭашьақәыргылара азҵаарақәа рзы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 23 - Sputnik. Аԥыза-министр Александр Анқәаб анапынҵа ҟаиҵеит Нестор Лакоба имузеи ахыбра аҭагылазаашьа аексперттә хәшьара аҭазарц, аиҭашьақәыргылараз. Анаҩс Аиҳабыра аԥаразоужьра ахыҵхырҭақәа азырԥшаауеит. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.
Аԥсны
Нестор Лакоба имузеи аиҭашьақәыргылара иалагоит
Александр Анқәаб иажәақәа рыла, ахыбра аиҭашьақәыргылара ҳаамҭазтәи ашәага-загақәа ирықәшәозароуп, Нестор Лакобеи егьырҭ арепрессиатә шықәсқәа ирылаӡыз ауааи ирызку архивтә материалқәеи шықәсырацәала рыҵәахра алнаршозароуп.
Нестор Лакоба иҭоурых-мемориалтә музеи аԥҵан 1982 шықәсазы. Аҭааҩцәа рзы иаартын 1983 шықәсазы Нестор Лакоба диижьҭеи 90-шықәса аҵра инарқәыршәаны. Амузеи аус ауан 1992 шықәсанӡа.
Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан амузеи рыблит, аха архив зегьы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҿы аиқәырхара алыршан.