Аԥсны

Аԥсны Урыстәылаҟа аицеиқәшаҳаҭразы инанашьҭит азинҷыдатә кредит аҭараз апроектқәа

Азинҷыдатә кредит аҭараз апроектқәа рыпрограмма аҩбатәи ахәҭала заанаҵтәи абизнес-планқәа ралхра мҩаԥнагоит Аԥсны аекономика аминистрра. Ахыркәшаратә шьақәырӷәӷәара ҟарҵоит абанк-кредитҭаҩцәа.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 23– Sputnik. Аԥсны Урыстәылаҟа аицеиқәшаҳаҭразы инанашьҭит жәа-миллиард мааҭ рыхә абизнес-проектқәа азинҷыдатә кредит рыҭараз апроектқәа. Абри атәы лҳәеит ахада имҩаԥигоз аилацәажәараҿы аекономика аминистр Кристина Озган.
Аслан Бжьаниа анапынҵа ҟаиҵеит еиҭа апроектқәа алырхырц, избанзар Москваҟа ирышьҭуа зегьы ирықәшаҳаҭымхар ауеит.
Аҳәынҭқарра хада Москва иҟазааразы аихшьаалақәа ҟаҵо иҳәахьан 2022 шықәса аҩбатәи аԥшьбара инаркны апрограмма аҩбатәи ахәҭа ишалаго.
2015 шықәсазы Аԥсны аекономика аминистрреи Москва Аинвистициатә маҵзуреи иаԥшьыргеит апрограмма. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны урыстәылатәи абанкқәа хԥа аԥснытәи анаплакыҩцәа акредитқәа рырҭеит 10% азинҷыдатә зыԥҵәала.
Аиндаҭлара иалахәын 40 инареиҳаны инвестициатә проектқәа. Аԥарақәа рзоужьын иаиааиз быжь-проектк. Акредит иартәеит миллиардки 200 миллион мааҭ.
Аԥсны
Гәдоуҭа араион аҿы абизнес льготала акредитқәа аиур ҟалоит