Аԥсны

Риҵатәи апарк аҿы аԥсыӡкра иақәиҭым

Риҵатәи амилаҭтә парк аҵакыра 390 метр ԥшьыркца иҟоуп, Урыстәылатәи Афедерациа Аахыц Кавказ амилаҭтә паркқәеи аҳәырԥсаррақәеи Рассоциациа иалоуп.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 23 - Sputnik. Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк аҟны аԥсыӡкра абзиабаҩцәа 2021 шықәса абҵара 20 инаркны ԥхынҷкәын 31 аҟынӡа аԥсыӡкра иақәиҭым. Абри атәы аанацҳауеит апарк аиҳабыра.
Аԥсны
Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра аиҳабы 2021 шықәсазы апарк иарҳаз аҳасабырба ҟаиҵеит
Амлагәыр атоԥраан ахьчара хықәкыс иҟаҵаноуп аԥсыӡкра азин зыҟам.

Апарк анапхгара иара убасгьы иазгәарҭоит апарк аԥҟара азин шыҟанамҵо иарбан усзаалак аҵиаақәеи аԥстәқәеи аԥсабара ааха азҭо. Ашәарыцарагьы абрахь иналаҵаны.

Риҵатәи амилаҭтә парк аԥҵан жьҭаара 17, 1996 шықәсазы Риҵатәи аҳәырԥсарра шьаҭас иаҭаны.
Риҵатәи амилаҭтә ареликтә парк ахь аӡиа Риҵа адагьы иаҵанакуеит аӡиа Иаҵәа, Гегатәи аӡхыҽҽа, Риҵа Маҷ, аӡиа Мзы, Ауадҳара аԥшаҳәаҿы иҟоу аӡцәыцәы, аӡиасқәа Бзыҧ, Гега, Ҩыԥсара реиҩхаа ҭшәақәа.