Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра аиҳабы 2021 шықәсазы апарк иарҳаз аҳасабырба ҟаиҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРицинский реликтовый национальный парк
Рицинский реликтовый национальный парк - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.11.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаби Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра аиҳаби аилацәажәара мҩаԥыргеит, иазааҭгылеит ҳазҭоу ашықәс жәамзи абҵарамза раԥхьатәи амшқәеи рзы апарк аусушьазы афинанстә-нхамҩатә ҳасабырба.
АҞӘА, абҵара 13 - Sputnik. Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра 2021 шықәсазы иарҳаит 249 миллиони 798 нызқь мааҭи, абри атәы иҳәеит ареликттә парк аиҳабы Адамыр Багаҭелиа Аԥсны аиҳабыра реилатәараҟны.
Арҭ арбагақәа рҟны иарбоуп шаҟа рыхә абилеҭқәа рҭииз - 236 миллион 429 нызқьмааҭ, аӡҵәыҵәы аҭиразы - миллионки 54 нызқь мааҭ, апансионат "Ауадҳара" аусуразы - ԥшь-миллионки 973 нызқь мааҭ, қьырала игази еиуеиԥшым амаҵзурақәеи рзы - быжь-миллионки 341 нызқь мааҭ.
Рицинский реликтовый национальный парк Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.10.2021
Ашықәс иалагазар Риҵатәи амилаҭтә парк иаҭаахьеит 600 нызқьҩык
Абҵарамза 11 рҟынӡа иҟоу адыррақәа рыла апарк иаҭааит 702 нызқьи 251 -ҩык аԥсшьаҩцәа.
Иарбоу аамҭа иалагӡаны апарк иаиуз аныхрақәа 217 миллиони 311 нызқь мааҭ иартәеит. 40 миллион инеиҳаны аусзуҩцәа руалафахәы иагеит, ирҭииз абилетқәа рҟынтәи 65 миллион мааҭ Гәдоуҭатәи абиуџьеҭ иахыԥхьаӡалоуп, ареспублика абиуџьеҭ ахь иаларгалеит 41,5 миллион мааҭ, абиуџьетнҭыҵтәи афондқәа - 8,3 миллион мааҭ.
Сынтәа Риҵатәи амҩа ақаҭран ақәҵаразы аусурақәа мҩаԥган, аиҭашьақәыргыларатә усурақәеи амҩатә дыргақәеи ирықәхарџьын 31 миллион 626 нызқь мааҭ, иара убас иаахәан ҩ-миллионки 192 нызқь мааҭ рыхә еиуеиԥшым ахархәагақәа, 9 миилионки 920 нызқьмаҭ ҳәа иаахәан атехника ҷыда амҩақәа аси ахаҳәқәеи рҟынтәи ррыцқьага .
Горные пейзажи Абхазии   - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.10.2021
Аԥсны агәҭылса: Риҵатәи амилаҭтә парк
Илеиз асыԥса ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы иныхын ҩ-миллионки 878 нызқьмааҭ, афымцалашареи еиуеиԥшым егьырҭ амаҵурақәеи, арзҩыдагатә маҭәашьарқәа раахәареи рзы иныхын фмиллионки 86 нызқь мааҭ, апансионат "Ауадҳара" - 3 миллионки 926 нызқь мааҭ.
Сынтәа апарк аҵакыраҿы еиҿкаан аԥсшьарҭа ҭыԥқәа - ааба.
Багаҭелиа Аԥсны аиҳабыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит амилаҭтә парк аҭаларазы адуцәа рзы ахә еиҭахәаԥшырц- 600 мааҭ рҟынӡа иацырҵарц, убри аан иҳәеит 2014 шықәса раахыс абилеҭқәа рыхәқәа ԥсахрада ишыҟоу.
Амилаҭтә ҳәырԥсарра иамоу ахыԥшеи, аҩаӡареи, аҵаки рҳасаб рзуны Александр Анқәаб аекономика аминистрреи апарк аиҳабыреи рнапы ианиҵеит Риҵеи Аӡиа иаҵәеи рҵакыраҿы иаку архитектуратә- ҭыԥсахьа адизаин аԥырҵарц.
Поездка на Рицу и Ауадхару - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.05.2021
Риҵатәи апарк 25 шықәса раахыстәи аҭааҩцәа ррекорд иаԥнагеит
Ажәабжьқәа зегьы
0