Аԥсны

Аҟәа ахәҭак лашарада иаанханы иҟоуп

Абҵара 23 раахыс ареспубликаҿ иалагалоуп афымцалашара арцәара аграфик ҿыц.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 24 - Sputnik. Ажәытә ҳабла аиҳараки адәқьан "Колос" араиони лашарада иаанханы иҟоуп астанциа маҷ "Аҟәа-1" аихшаратә цәаҳәақәа 41, 37 аԥхасҭа ахьроуз иахҟьаны. Абри атәы аанацҳаит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
Иара убасгьы аусура еиԥҟьеит Алашарбага араион аҿтәи атрансформатор ТП 114 "Школа".

Аенергетикцәа иаха ирҳәеит шьыжьнаҵы аусурақәа ишрылаго.

Абҵара 23 раахыс Аԥсны афымцацәаҳәақәа ирықәу афымцамчхара ахьеиҳахаз иахҟьаны аамҭа-аамҭала алашара арцәара аграфик ҿыц алагалоуп.