АҞӘА, абҵара 24 - Sputnik. Ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа рзы аԥсшьараз Аԥсны иалкаахаз хырхарҭахеит, абри азы аҳәамҭа ҟалҵеит Урыстәыла Атуроператорцәа рассоциациа (АТОР) анагӡаратә директор Маиа Ломиӡе.
Урыстәылатәи аԥсшьаҩцәа иалыркааз егьырҭ ахырхарҭақәа иреиуоуп Краснодартәи атәылаҿацәи Ҟрыми рнаҩс Карелиа, иара убас раԥхьаӡа акәны аныҳәамшқәа рзы иаартуп Мурманск, Шерегеш, Велики Устиуг ахырхарҭақәа.
Ломиӡе иазгәалҭеит ҩышықәса рыла Урыстәылантәи аҳәаанырцәҟа аԥсшьара ацара бжьаратәла 25% рыла ишеиҳахаз. Ҭырқәтәыла ахырхарҭала атурқәа рыхәқәа лаҟәит, 2019 шықәса иаҿурԥшуазар.
Урыстәыла Атуроператорцәа рассоциациа аиҳабы еиқәылыԥхьаӡеит ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа рзы аԥсшьараз иалкаахаз хә-хырхарҭак: Египет, Ҭырқәтәыла, Доминикана, Куба, Мальдивқәа. Лажәақәа рыла, Доминиканаҟа атурқәа рыхәԥса алагоит шә-нызқь мааҭ рыла, Мальдивқәа рахь амҩақәҵагақәа реиҳарак рҭиит.