Аԥсны

Аԥсны ахада изеиҭарҳәеит Галтәи ахәшәтәырҭаҿы аппарат МРТ аус замуа

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Гал араион даҭоуп. Иара араионтә хәшәтәырҭа даҭааит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 24 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Галтәи араионтә хәшәтәырҭаҿ игылоу аппарат МРТ ахәҭақәа азхаӡом, ахархәарагьы алшом ҳәа ахада изеиҭеиҳәеит аҳақьым хада Асҭамыр Гамгьиа.

Гамгьиа иажәақәа рыла, аппарат ахәшәтәырҭа Агәабзиарахьчара аминистрра иазықәнаргылеит 2017 шықәсазы, ахәҭақәа нас иааҳашьҭуеит ҳәа ҳәаны. Иахьа уажәраанӡагьы аппарат аус ауртә иҟам.

Аппарат ахәԥса 11 миллиони 700 нызқьмааҭ артәоит.
Гал араион ахада Константин Ԥлиа ишиҳәо ала, аппарат ахархәара азырхиаразы иааԥхьаз урыстәылатәи аҟазауаа аппарат ушьҭа аусура алшом ҳәа рҳәеит.
Аҳақьым хада иҳәеит ахәшәтәырҭа 1964 шықәсазы ишыргылаз, уи аахыс шьаҭанкыла аремонт шазыҟаҵам.