Аԥсны

Атәылахьчара аминистрреи Урыстәылатәи асапиорцәеи Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҵакыра еицгәарҭоит

Аҟәа аҳаирбаӷәазаҟынтә аԥхьатәи ареисқәа азԥхьагәаҭоуп 2024 шықәса алагамҭазы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 24 - Sputnik. Аладатәи арратә округ анџьныр-сапиортә ҟәша аррамаҵзурауааи Аԥсны атәылахьчара аминистрреи Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҵакырантәи аминақәа ыҟоу иҟаму агәаҭара иалагеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Агәаҭарақәа мҩаԥысуеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҳаиртә еимадара аиҭашьақәыргылара апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аҟазауаа Аладатәи арратә округ Аԥсны иҟоу Гәдоуҭатәи абазаҿы игылоуп. Дара аҳаирбаӷәаза аҵакыра арыцқьара иалагоит аҽазыҟаҵаратә уснагӡатәқәа рышьҭахь ҳәа адырра ҟаҵан уаанӡа.
Иԥымжәац артҟәацгақәа рыԥшаареи рыҵхреи еиҿкаауп аԥыза-министр Александр Анқәаб Урыстәыла атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, Аштаб хада аиҳабы Валери Герасимов иахь иҟаиҵаз аҳәарала.
Бжьаниа Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура алагара аҿҳәарақәа дрылацәажәеит
Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза ргылан 1960-тәи ашықәсқәа рзы. Иара 18 километра Аҟәа инацәхыкны иҟоуп, Бабышьра аҳаблаҿы. 1990-тәи ашықәсқәа рҟынӡа арантәи аҳаирпланқәа ԥыруан СССР ақалақьқәа жәпакы рахь. Аԥхынразы уахыки-ҽнаки рыла имҩаныргон хә-нызқьҩык рҟынӡа апассаџьырцәа.
Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа рзы аҳаирбаӷәазеи асасааирҭеи аԥхасҭа ду роуит, аҵакыраҿы аминақәа ыҵарҵеит. Аҳаирбаӷәаза 1993 шықәса рзы иадыркит.
Аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргыларазы апроект ахарџьнҵа азырхиахоит ҭагалан азы ҳәа иҳәахьан атәыла ахада Аслан Бжьаниа. Иара иҳәеит аинвестор дшыҟоу, аиҭашьақәыргыларатә усуразы 120 миллион мааҭ шазоуижьуа. Бжьаниа иажәақәа рыла, актәи ареисқәа азԥхьагәаҭоуп 2024 шықәса алагамҭазы.