АҞӘА, ажьырныҳәа 28 – Sputnik. Аԥсназы акрызҵазкуа акәны иҟоуп Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура алагара, иара 2024 шықәса иахымгакәа аусура иалагап ҳәагьы ҳгәыӷуеит, абри атәы иҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу анеиҭоз.
"Ҩымчыбжь рахь знык Урыстәыла атранспорт аминистрраҿы аилацәажәара мҩаԥысуеит. Аԥсныҟа изныкымкәа аҟазауаа аахьеит. Иаахьеит аинвесторцәагьы. Апроект аусура иалагоит. Зықьҩык иреиҵамкәа аусурҭа ҭыԥқәа роуеит", - иҳәеит ахада.
Бжьаниа иҳәеит ари аҩыза азҵаара мышкала иуӡбо шакәым.
"Аиҳабыра рҿаԥхьа аусдҵа ықәыргылахоит. Иара ҵоураны аӡбра аиҳабырагьы ирлахьынҵахоит. 2024 шықәсанӡа аус аҭыԥ ианықәҵамха ҳкабинетқәа ҳазрыҩнатәозеи", - азгәеиҭеит иара.
2019 шықәсазы Владислав Арӡынба ихьӡ зху жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" жәларбжьаратә анбантә код аиуит. Иара убасгьы иара аицтәаратә баӷәаза астатус аиуит. Уи иазыԥхьагәанаҭоит аграждантәи аҳәынҭқарратәи (арратә, аҳазалхратә, аҳәынҭқарратә маҵзура мҩаԥызго аҽа хкык) авиациа абаӷәазаҿ реицыҟазаара.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: