Аԥсны

Гәдоуҭа араион аҿы апассаџьырцәа зҭаз амаршрутка иеихсит

Амаршрутка аԥсҟы зкыз ахәрақәа иоуит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 24 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Гәдоуҭа араион аҿы апассаџьырцәа зҭаз амаршрутка иеихсит абҵара 24 рзы ашьыжь, абри атәы иҳәеит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ицхырааҩ Бадра Аиба.

Амаршрутка аԥсҟы зкыз ахәрақәа иоуит, иара ахәшәтәырҭахь днагоуп.

Амаршрутка ианеихс ашьҭахь аҽазаанымкылакәа Хыԥсҭа ашкол аԥхьа игылаз ашьаҟа иасит.
Аԥсны ААР адыррақәа рыла, ихысуаз ихаҭара шьақәыргылоуп. Уажәы уи иаанкыларазы ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит.