Шоигу аҳәамҭа ҟаиҵеит ЕАА абомбакажьга ҳаирпланқәа Урыстәыла аҳәааҿы ирацәахо иалагеит ҳәа

Ари амзазы ЕАА астратегиатә мчрақәа – астратегиатә бомбакажьгақәа Global Thunder 10 Урыстәыла аганахь ала аиадертә бџьар ахархәара авариант мҩаԥыргон.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 24 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа иазгәарҭон аҵыхәтәантәи аамҭазы ЕАА аҳаиртә мчрақәа активла Урыстәыла аҳәаа ааигәара рхы шымҩаԥыргоз. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости, Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу иажәақәа шьаҭас иганы.

"Иазгәаҳҭоит америкатәи астратегиатә бомбакажьгатә авиациа Урыстәыла ааигәара ишыҟу Аҵыхәтәантәи амзазы 30 рҟынӡа ҳаирплан Урыстәыла аҳәаа рҽазааигәартәит. Ари ииасыз ашықәс аан аасҭа 2,5 рыла еиҳауп", - иҳәеит Шоигу Китаи атәылахьчара аминистр Веи Фенхе даниҿцәажәоз.

Шоигу иазгәеиҭеит ари амзазы ЕАА астратегиатә мчрақәа – астратегиатә бомбакажьгақәа Global Thunder 10 Урыстәыла аганахьала аиадертә бџьар ахархәара авариант мҩаԥыргон ҳәа.
Аексперт ЕАА Амшын еиқәаҿы ахымҩаԥгашьа амч аарԥшроуп иаанаго ҳәа ахиҳәааит
"Ҳҳәынҭқарратә ҳәаа 20 километра ианазааигәахозгьы ыҟан", - иҳәеит Шоигу.
Иара иажәақәа рыла, Урыстәылеи Китаии реинырра актуалра аҵоуп адунеи еиуеиԥшым араионқәа рҿы агеополитикатә еибарххаратә ҭагылазаашьаан.
Урыстәылатәи Су-27 ЕАА аҳаирплан-ԥшыхәыҩ мҩаԥнагеит Амшын еиқәа ианахыԥраауаз