Аԥсны

Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҵакыра анџьныртә ԥшыхәра мҩаԥысуеит

Асапиорцәа ахысраны иҟоуп быжь-гектарк рҟынӡа аҵакыра.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 25 - Sputnik. Аладатәи арратә округ анџьныр-сапиортә ҟәша аррамаҵзурауаа Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза 0,2 гектар гәаҭаны иахысит, итҟәацуаз амаҭәарқәа рҟынтәи идрыцқьеит ҳәа аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.
Иԥымжәац аџьаԥҳани амаҭәарқәеи рыԥшаареи рыртҟәацреи рзы ауснагӡатәқәа аҟазауаа имҩаԥыргоит ахьчага шәҵатәы ОВР-2 "Сокол" рышәҵани аминаԥшаага ИМПС-2 рымани.
1 / 4

Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҵакыра анџьныртә ԥшыхәра мҩаԥысуеит

2 / 4

Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҵакыра анџьныртә ԥшыхәра мҩаԥысуеит

3 / 4

Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҵакыра анџьныртә ԥшыхәра мҩаԥысуеит

4 / 4

Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҵакыра анџьныртә ԥшыхәра мҩаԥысуеит

Анеира ахьыуадаҩу аҭыԥқәа рҿы анџьныртә машьынақәа ИМР-2 рхы иадырхәоит.
Аокруг апресс-маҵзура ишааныцҳауа ала, иԥшаауп иԥымжәац аџьаԥҳаны. Атанкҿагылатә минақәа, артиллериатә снариадқәа, аминаршәгатә минақәа назлоу.
Иҟоуп зылакьысра алымшо амаҭәарқәеи аџьаԥҳани. Урҭ аҭыԥ аҿы иԥыржәоит.
Асапиорцәа досу хә-сааҭк рыҩнуҵҟа, ҽынла анџьныртә ԥшыхәреи аминеиҵыхреи мҩаԥыргоит.
Ауснагӡатә иалахәуп 14-ҩык аррамаҵзурауаа. Урҭ рҟынтәи жәаҩык асапиорцәа Чечентәи Ареспублика аҵакыраҿы аминеиҵыхраҿ аԥышәа рымоуп.
Аԥсны
Атәылахьчара аминистрреи Урыстәылатәи асапиорцәеи Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҵакыра еицгәарҭоит