АҞӘА, абҵара 25 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ӡыгәҭа ақыҭаҿы сынтәа ацҳа хырҵоит амшцәгьақәа аԥырхагамхар ҳәа иҳәеит Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа.
2018 шықәсазы амшцәгьақәа ирыхҟьаны адгьылҳәазара амҩа ықәнаӡәӡәааит. Ара иҟоу 12 ҭыӡҭа руааԥсыра Аҟәаҟа ацара рцәыуадаҩуп, аиҳаракгьы амшцәгьақәа раан.
Рашәарамзазы араион ахадара ацҳа ахҵара нап аларкит, аха аусурақәа аанкылатәхеит, апроект ҿыц еиҿкаатәхеит аԥсабаратә рыцҳарақәа ирыхҟьаны ҳәа иҳәеит иара.
Аргылаҩцәа аҭӡы ашьаҟақәеи абаҟәақәеи ықәдыргылахьеит.
Апроект ахәԥса - 5 миллионки 300 нызқь мааҭ ыҟоуп. Аԥарақәа аҭыԥантәи абиуџьет аҟынтә иазоушьҭуп.