Лизберт иҳәеит мҿыла заа ишҽеиқәиршәахьаз, иахьагьы амш аныҟәарҽаруа аамҭазы ауаџьаҟ амца шҭарҵо.
"Амҿы аус аԥсуа еснагь иҽазикуан нанҳәамза анҵәамҭазы, амза аҭәымҭаз. Убысҟан ауп амҿԥҟара ианцатәу. Иара зегьы реиҳа ибзиоуп ҳәа дыззааиуа ахьацоуп. Уи ианаамҭоу иԥуҟар амцабз бзианы иахылҵуеит аҩнгьы арԥхоит. Ашәгьы бзиоуп, аха уи ианԥуҟаз ашықәсан ибылӡом, адырҩашықәсан ауп ирҷҷаны еиқәыршәаны ианыҟаҵатәу. Амҿԥҟарагьы иара ахатә ԥҟарақәа амоуп. Абна уанылало уныҳәаны, иԥуҟо амҿы гәаҭаны, ишшәырӡа иҟазар, хԥа-ԥшьба метра уҩаханы арахә ихырымфааларц иԥуҟароуп ", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ԥорцхолоӷлы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.