Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ԥорцхолоӷлы амҿыԥҟара аус азы: уныҳәаны, иԥуҟо амҿы гәаҭаны уазнеироуп

Ԥорцхолоӷлы амҿыԥҟара аус азы: уныҳәаны, иԥуҟо амҿы гәаҭаны уазнеироуп
Анапаҵаҩра
Очамчыра ақалакь аҿы инхо Лизберт Ԥорцхолоӷлы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, аӡын азы амҿы азырхиара аус дшазнеиуа атәы, насгьы амҿыԥҟара иацу акәамаҵамарақәа ртәы.
Лизберт иҳәеит мҿыла заа ишҽеиқәиршәахьаз, иахьагьы амш аныҟәарҽаруа аамҭазы ауаџьаҟ амца шҭарҵо.
"Амҿы аус аԥсуа еснагь иҽазикуан нанҳәамза анҵәамҭазы, амза аҭәымҭаз. Убысҟан ауп амҿԥҟара ианцатәу. Иара зегьы реиҳа ибзиоуп ҳәа дыззааиуа ахьацоуп. Уи ианаамҭоу иԥуҟар амцабз бзианы иахылҵуеит аҩнгьы арԥхоит. Ашәгьы бзиоуп, аха уи ианԥуҟаз ашықәсан ибылӡом, адырҩашықәсан ауп ирҷҷаны еиқәыршәаны ианыҟаҵатәу. Амҿԥҟарагьы иара ахатә ԥҟарақәа амоуп. Абна уанылало уныҳәаны, иԥуҟо амҿы гәаҭаны, ишшәырӡа иҟазар, хԥа-ԥшьба метра уҩаханы арахә ихырымфааларц иԥуҟароуп ", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ԥорцхолоӷлы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0