Аԥсны

Урыстәылатәи аепидемиолог Аԥсны аҭагылазаашьа ахәшьара аиҭеит

Ставропольтәи аҿкчымазарақәа рыҭҵаарадырратә институт аҟынтәи гәыԥҩык аҟазацәа Аԥсны иааны иҟан, мчыбжьык аҩнуҵҟа дара ацклаԥшон ареспублика аепидҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 27 - Sputnik. Алада Урыстәылеи Аԥсни иубарҭоуп еиԥҟьарада ачымазара COVID-19 шалаҵәуа. Убас ишыҟоугьы Аԥсны макьана аҭагылазаашьа ҭышәантәалоуп, аха ареспублика ашәарҭа иҭагылоуп ҳәа иԥхьаӡоит Ставропольтәи аҿкчымазарақәа рыҭҵаарадырратә институт аҳақьым аепидемиолог Дмитри Ефременко.
Аԥсны
Аԥсны асанҳақьым хада аԥыза-министр изеиҭалҳәеит атәылаҿы аепидҭагылазаашьа зеиԥшроу
"Иахьатәи аамҭазы Урыстәыла аҿкчымазара аганахь ала зегь бзиоуп ҳәа ҳазҳәаӡом, ахәҭакахьала Краснодартәи атәылаҿацә аҟны араҟа COVID-19 зыхьуа рхыԥхьаӡара аамҭакьаҿк иалагӡаны ҩынтә еизҳаит. Аԥсны макьана аҭагылазаашьа ҭышәантәалоуп, ахылаԥшра арҭоит асанепидусбарҭа. Аха ашәарҭара ыҟоуп, Аԥсни Краснодартәи атәылаҿацәи аиҭанеиааира злашәыбжьоу ала, насгьы уажә ачымазара аштамм ҿыц ицәырҵыз ахы шымҩаԥнаго ала аҿкчымазара аҽырӷәӷәар ҟалоит. Қырҭәыла аганахь акәзар, уахьгьы уажәы аҿкчымазара аҽанарӷәӷәаз аамҭоуп. Убри аҟынтә ара агәҽанызаара ӷәӷәа шәымазароуп", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Гинцбург хымԥадатәи алаҵаҟаҵара ахәҭоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит
Урыстәылатәи аепидемиолог иҳәеит, Аԥсны иқәынхо ажәлар асанитар-аепидемиологиатә ԥҟарақәа рықәныҟәара иазхәыцырц. Ахәҭакахьала ауаарацәа злахәу аусмҩаԥгатәқәа аанкылазарц. Ефременко иажәақәа рыла ауаа рацәа ахьыҟоу аӡәык-ҩыџьак ачымазара змоу ыҟазар, урҭ 30-40% ауаа иддырхьоит, урҭ рҟынтәгьы даҽа ԥыҭҩык, абас ачымазара алаҵәара аиуоит.

"Ареспубликаҿ ауаарцәа злахәу аусмҩаԥгатәқәа аанкылоуп, аха ҳара Аҟәеи егьырҭ ақалақьқәеи ҳарҭаан иахьгәаҳҭуаз иаабон атәыла ауааԥсыра акаҳуажәырҭақәа ишырҭаауа, ишеибабо, ачара дуқәа шыруа. Убри аҟнытә иаҭахәуп агәҽанызаара, аԥҟарақәа рықәныҟәара, иара убас алаҵаҟаҵара. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп даҽа шықәсык-ҩышықәса рнаҩс Аԥсны мацара акәым, адунеи атәылақәа рҟынгьы аҭагылазаашьа шҭышәантәалахо", - иҳәеит Ефременко.

Аҭагылазаашьа еицәамхарцаз, урыстәылатәи аепидемиолог иажәақәа рыла иахьатәиала ихымԥадатәиу алаҵаҟаҵара ауп.