Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны асанҳақьым хада аԥыза-министр изеиҭалҳәеит атәылаҿы аепидҭагылазаашьа зеиԥшроу

© Sputnik / Томас ТхайцукЛюдмила Скорик
Людмила Скорик  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.11.2021
Анапаҵаҩра
Лиудмила Скорик лгәаанагарала, акоронавирустә аҿкчымазара алаҵәара зырԥсыҽуа алаҵаҟаҵароуп.
АҞӘА, абҵара 26 - Sputnik. Аԥсны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа шыуадаҩыц иаанхоит, акоронавирустә ҿкчымазара зыхьуа рхыԥхьаӡара иацымлозар иагхом, ауаа ачымазара иаҳа-иаҳа ибааԥсны ирхыргоит, зыԥсҭазаара иалҵуа рхыԥхьаӡара иацлоит ҳәа Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб изеиҭалҳәеит асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик. Абри атәы кьыԥхьуп Аминистрцәа реилазаара асаит аҿы.
Лара лажәақәа рыла, акоронавирус здырбало шьоукы-шьоук рырԥҳақәа ҩымш рыла 80% аҿкы рылаҽуеит, ари агәҭынчымра ду узцәырнагоит лҳәеит Скорик.
"Ҳара арҭ рҩызцәа афактқәа ҳасаб рзуны, акоронавирус аштамм ҿыц SARS-CoV-2 "дельта плюс" атәыла алаҵәара иалагеит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит", - ҳәа инаҵшьны илҳәеит Скорик.
В России разработан первый тест на выявление британского штамма COVID-19 - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.11.2021
Акоронавирус адельта-штамм аҷыдарақәа рыӡбахә ҳәоуп
Асанитартә ҳақьым хада ишазгәалҭаз ала, акоронавирустә аҿкчымазара алаҵәара зырԥсыҽуа алаҵаҟаҵароуп. Убри аан лара ажәалагала ҟалҵеит Аԥсны алаҵа ахьыҟарҵо аҭыԥқәа рхыԥхьаӡара иацҵазарц, Александр Анқәаб уи дадгылеит. Уи адагьы, аԥыза-министр игәаанагарала, еиуеиԥшым аусбарҭақәа рахь инеины аусзуҩцәа алаҵа рзыҟазҵар зылшо агәыԥқәа еиҿкаазар бзиан.
Скорик иара убас иазгәалҭеит, абри аҩыза аҭагылазаашьаан аԥкрақәа рырԥсыҽра азҵаара цәырымҵроуп ҳәа.
Covid-free ресторан в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Аԥсны "Спутник V" алаҵа ҟазҵаз QR-код змоу аршаҳаҭга рыҭахоит
Лиудмила Скорик аҳәамҭа ҟалҵеит аҿкчымазара шырхыргаз азы аилыркаага, ма амедицинатә рбагақәа рыла алаҵаҟаҵара шыҟамло зыршаҳаҭуа адокументқәа, ацәеижьҿагылақәа шрылоу азы амедицинатә документқәа акоммерциатә усбарҭақәа рҿы иҟаҵазар, урҭ Аԥсынгьы, Урыстәылагьы аӡәгьы ишазхеимҵо, избанзар урҭ аусбарҭақәа асертификациа иахыжьӡам, убри азы ишьақәырӷәӷәоу аформала аршаҳаҭгақәа рыҭара азин рымаӡам.

"Азакәан иаҵанакуа документс иҟоу Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра ишьақәнарӷәӷәаз алаҵаҟаҵаразы аршаҳаҭгеи уи шьаҭас иҟаҵаны ирырҭо QR-коди роуп", - лҳәеит Скорик.

Аԥыза-министр асанитартә ҳақьым хада илыдиҵеит иаҳа инарҵауланы иҭырҵаарц амедицинатә маҵзурақәеи алабораториатә ҭҵаарақәеи ауааԥсыра ирзыназыгӡо акоммерциатә усбарҭақәа ас еиԥш иҟоу амаҵзурақәа рынагӡаразы азин рымоу ирымаму.
Ажәабжьқәа зегьы
0