Аԥсны

Ҩ-нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра ацхыраара рыҭоуп Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҿы

Урыстәылатәи амобилтә госпиталь Аԥсныҟа аҩынтә раан иааит нанҳәа 18 рзы, акороначымазара зыхьуа ҳуааԥсыра рыцхырааразы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 29 - Sputnik. Ҩ-нызқьҩык рҟынӡа Аԥсны ауааԥсыра ацхыраараз Аҟәатәи амобилтә госпиталь ахь идҵаалахьеит, ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.
Амбулаторла ахәшәтәра иахысит 1058-ҩык, анестезиологиа-реанимациатә ҟәшаҿы ишьҭан 95-ҩык.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра иатәу амобилтә госпиталь аҟынтә COVID-19 змоу 535-ҩык хәшәтәны илырҩаахьеит. Ачымазцәа иахәҭаз ахәшәтәра рхыганы, ПЦР-тест гәаҭаны, абжьгарақәа рзыҟаҵан илырҩаауиет.
Нанҳәа 18 аахыс агоспиталь амобилтә лабораториақәа рҿы имҩаԥыргахьеит 10,5 нызқь алаборатор-диагностикатә ҭҵаара. Урҭ рҟынтәи 4 нызқь ПЦР-тест, зқьи хәышә рентгенограмма.
Уажәазы астационар аҿы ишьҭоуп 60-ҩык ачымазцәа.
Аԥсны
COVID-19 аԥырҟәҟәаразы: Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ амобилтә госпиталь даҭааит
Урыстәылатәи амобилтә госпиталь Аԥсныҟа аҩынтә раан иааит нанҳәа 18 рзы, акороначымазара зыхьуа ҳуааԥсыра рыцхырааразы. Зынӡа иара 100 иара-ҭыԥ амоуп, аха ԥсыхәа амамкәа иҟалозар даҽа 50 ҭыԥ ацҵахар алшоит.
64 иара-ҭыԥ аҵәыҵәри рызнеиуа еиҿкаауп. Урҭ рҟынтәи 13 иԥсабаратәымкәа арыԥҳақәа аҳауа рҭарсга аппаратқәа рхагылоуп. Агоспиталь ҵәыҵәрила еиқәнаршәоит Гәдоуҭа игылоу арратә база. Уахыки-ҽнаки рыла инырхуеит 100 баллонк рҟынӡа аҵәыҵәри.
Агоспиталь аҿы аус руеит 100-ҩык инареиҳаны, абригадақәа рҽеихшаны аамҭа-аамҭала иҷаԥшьоит. Агоспиталь аҿы имҩаԥыргоит ареспублика ақалақьтә лабораториақәа рҟынтәи инарго анализқәа р-ПЦР-диагностика.
Хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьақәыргылоуп арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа, ачымазҩцәа интенсивла ргәаҭаразы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализҟаҵагақәа, ПЦР-лабораториақәа.
Аԥсны
Аҟәа иҟоу Урыстәыла арратә мобилтә госпиталь аҟынтә илҩаауп 500-ҩык апациентцәа