Аексперт аинвестициаз ишәарҭоу авалиутақәа дрылацәажәеит

Валиутақәак илаҟәу рликвидра зыдҳәалоу акомиссиатә хыхрақәа роуп.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 29 - Sputnik. Аекзотикатә валиутақәа ҳәа изышьҭоу рахь аинвестициаҟаҵара аҭахым ҳәа амаҵзура "Прайм" иазеиҭеиҳәеит "БКС Мир инвестиций" аинвестициатә стратег Александр Бахтин.
Арҭ рҩызцәа авалиутақәа раахәара ҟалоит урҭ ртәылақәа рахь ныҟәара уцозар ма уахь нхара уиасуазар. Арахь иаҵанакуиет: Иран, Венесуела, Афганисҭан. Аексперт иҳәеит арҭ атәылақәа рвалиутақәа аекономикатәии аполитикатәии проблемақәа ирхырҟьаны иҭышәынтәалам ҳәа.
Амааҭ адунеи аҿы еиҳа ахархәара зырҭо авалиутақәа 20 ирыҵанакуеит
Зыгәра умгаша авалиутақәа рахь иаҵанакит ҭырқәтәылатәи алирагьы. 2021 шықәса иаалагазар, иара 40% рыла ахә каҳаит. Валиутақәак рымариара зыдҳәалоу акомиссиатә хыхрақәа роуп.
"Аинвестор изы аҵакы амоуп авалиута адоллари аеврои рахь иамоу аҭагылазаашьа. Убри аан урҭ рыҵәахра акәымкәа афинанстә хархәара рыҭароуп аҵакы зиҭо", - ҳәа иҳәеит аексперт.
Бахтин иажәақәа рыла, арахь иаҵанакуеит аоблигациақәа, абиржатә фондқәа.