Амааҭ адунеи аҿы еиҳа ахархәара зырҭо авалиутақәа 20 ирыҵанакуеит

© Sputnik / Акоп Кущян Монета номиналом один рубль
Монета номиналом один рубль  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.11.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи авалиута жәларбжьаратә аԥарашәарақәа рҿы ахәҭа 0,2 процентк иацлеит.
АҞӘА, абҵара 24 - Sputnik. Амааҭ адунеи аҿы еиҳа ахархәара зырҭо авалиутақәа рреитинг иазыхынҳәит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости абанкбжьаратә ԥареиҭарсра асистема SWIFT адыррақәа шьаҭас иганы.
Амааҭ апозициақәа еиҭашьақәгылеит еиуеиԥшым афакторқәа ирыдҳәаланы, Евразиатәи аекономикатә ҵакыраҿы аӡа тауарқәа рыхә ацларагьы абрахь иналаҵаны ҳәа иҳәеит аинформациа-аналитикатә контент "БКС Мир инвестиций" аусбарҭа аиҳабы Васили Карпунин.

"Уи адагьы егьырҭ авалиутақәа ирҿырԥшны амааҭ уажәы иреиҳаӡоу апроценттә зыԥҵәа шьақәнаргылоит", - ҳәа иҳәеит Карпунин.

2016 шықәса раахыс амааҭ раԥхьаӡа акәны адунеи аҿы еиҳа ахархәара зырҭо авалиутақәа 20 ирыҵанакуеит аҵыхәтәантәи ҩымз рыҩнуҵҟа жәларбжьаратәи ԥарашәараҿы 0,18% аманы. Цәыббрамзазы ареитинг иалшәазаргьы жьҭаарамзазы 0,2 процент аманы ихынҳәит.
2021 шықәса жьҭаарамзатәи арбагақәа рыла актәи аҭыԥ ннакылоит уаанӡеиԥш адоллар, аха амза аҩныҵҟа ахәҭа 0,29 процент илаҟәит —39,16 процент ҟалеит. Аҩбатәи аҭыԥ евро иннакылоит 38,07аманы, уаанӡа -37,9%. Ахԥатәи аҭыԥ фунт стерлинг 0,35 процентнк иацланы ишьақәнартәеит 6,41 процент.
Монета номиналом 1 рубль и банкноты номиналом 2000 рублей и 5000 рублей. - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.09.2021
Амааҭ адунеи аҿы еиҳа ахархәара зырҭо авалиутақәа ирыҵанакуеит
Ажәабжьқәа зегьы
0