Аԥсны

Делба 2021 шықәсазы Аԥсны COVID аԥырҟәҟәаразы аԥара инырххьоу атәы иҳәеит

Апандемиа иаалагазар акоронавирус Аԥсны изыхьхьоу 35 нызқьҩык рҟынӡа инаӡоит. Ашәҟәы иҭагалоуп 527 ԥсыҭбара.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 30 - Sputnik. Аԥсны афинансқәа рминистр Владимир Делба Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы далацәажәеит 2022 шықәсазы ареспубликатә биуџьет аҿы агәабзиарахьчара аусхк иазырхоу аԥарақәа ртәы.
2021 шықәса абҵара 30 азтәи арбагақәа рыла 477 миллион мааҭ абиуџьеттә ԥарақәа акоронавирустә инфекциа аԥырҟәҟәара иахҭынҵоуп. 2020 шықәса раахыстәи азеиԥш ныхра 730 миллион артәоит, иҳәеит Делба.
Аԥсны
Аԥсны аиҳабыра 2022 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет апроект шьақәдырӷәӷәеит
Афинансқәа рминистр иажәақәа рыла, 2022 шықәсазы агәабзиарахьчара иазырхахоит 440 миллион мааҭ.