Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны аиҳабыра 2022 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет апроект шьақәдырӷәӷәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукКабинет Министров Абхазии
Кабинет Министров Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.11.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аиҳабыра ишьақәнарӷәӷәаз 2022 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет Апарламент ахь инарышьҭуеит.
АҞӘА, абҵара 30 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҩаша, абҵара 30 рзы Аԥсны аиҳабыра 2022 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет апроект шьақәдырӷәӷәеит.
Апроект рыдигалеит Афинансқәа рминистр Владимир Делба.
Иара далацәажәеит абиуџет алагалатә хәҭеи аныхратә хәҭеи, иазгәеиҭеит 2022 шықәсазы агәабзиарахьчара аусхк ишазырхахо 441 миллион мааҭ.
© Sputnik / Томас Тхайцук Аԥсны аиҳабыра 2022 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет апроект шьақәдырӷәӷәеит
Правительство Абхазии утвердило проект республиканского бюджета на 2022 год - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.11.2021
2022 шықәсазтәи аҳәынҭқарратә биуџьет алагалақәа рыла азеиԥш ахашәалахәы иартәоит 11 миллиарди 753 миллиони 437 нызқь мааҭ ҳәа ишьақәыргылоуп, аҳәынҭқарратә биуџьет аныхрақәа рыла азеиԥшла иартәоит 12 миллиарди 293 миллиони 112 нызқь мааҭ ҳәа ишьақәыргылоуп. Абиуџьет адефицит– 539 миллиони 675 нызқь мааҭ артәоит.
2022 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет азеиԥш ахашәалахәы –9 миллиардки 430 миллиони 558 нызқьи мааҭ ыҟоуп, Урыстәылатәи афинанстә цхыраара – ԥшь-миллиардки 376 миллиони 513 нызқь мааҭ абрахь иналаҵаны. 2020-2022 шықәсқәа рызтәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы Аинвистициатә программа иаҵанакуеит миллиардки 350 миллион мааҭ.
2022 шықәсазы аҳәынҭбиуџьет алагалақәа 2021 шықәса иаҿырԥшны миллиардки 289 миллиони 574 нызқь мааҭ иацлоит ҳәа азыԥхьаӡоуп. Аизҳара ҟалароуп ахатә шәахтәқәеи ишәахтәым алагалақәеи рыла 736 миллиони 934 нызқь мааҭ, Урыстәылантәи аашьҭрақәа - 552 миллиони 640 нызқь мааҭ.
Сессия в парламента Республики Абхазия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.11.2021
Аԥсны
Аԥсны Апарламент "2021 шықәсазтәи Ареспубликатә биуџьет" азакәан аԥсахрақәа аланагалеит
Иара убас, Аминистрцәа реилазаара 2022 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет аныхрақәа рзы 9 миллиардоки 970 миллиони 233 нызқь мааҭ ҳәа ишьақәнарӷәӷәеит.
Адокумент инақәыршәаны акредитқәа рзы ареспублика аҩнуҵҟатә уал 2023 шықәса ажьырныҳәа 1 азы хыхьтәи аҩаӡара 564 миллионки 470 нызқь мааҭ ҳәа ишьақәыргылоуп, адәныҟатә уал –миллиардки 191 миллиони 943 нызқь мааҭ ҳәа.
2022 шықәсазы ареспублика аҩнуҵҟатә ԥсахрақәа рырограмма 564 миллиони 470 нызқь мааҭ артәоит.
Азакәан апроект иазыԥхьагәанаҭоит Урыстәыла аҿаԥхьа аҳәынҭқарратә експорттә кредит азы ауал хада 84 миллиони 178 нызқь мааҭ ашәара.
Ажәабжьқәа зегьы
0