Аԥсны

Аԥсны АҶА аусзуҩцәа ҩымш ҵуеит шәарыцара ицаны иӡыз Тҟәарчал инхо ахаҵа ишьҭоуижьҭеи

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 1 - Sputnik. Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа аминистрра аԥшаара-аиқәырхаратә ҟәша аусзуҩцәа ҩымш ҵуеит шәарыцара ицаны иӡыз Тҟәарчал инхо ахаҵа ишьҭоуижьҭеи.
Иӡыз иԥшааразы аҭагылазаашьа ҷыдақәа аминистррахь адырра ҟарҵеит абҵарамза 30 рзы. Аҭыԥахь инашьҭын аиқәырхаратә гәыԥк.
Ԥхынҷкәынмза 1 азы Аԥсны АҶА авертолиот Ми-2 ала аҵакыра дахыԥрааит аусбарҭа аиҳабы, аинрал-леитенант Лев Қәыҵниа.
Аԥшааратә гәыԥ иалоуп 15-ҩык.
Аԥшаарақәа макьаназы илҵшәадоуп, илеиуа ақәеи ақәаба-сабааи аус аруадаҩуеит.